Print this page

«Раԥхьа ишәыргылала Ауаҩра…»

Хәажәкыр 14, 2025 81

Леила Ачба диижьҭеи –100 ш.

Зыжәлар гәакьа рҭоурых аҿы, ахааназы зышьҭа мыӡуа ахаҭарақәа хыԥхьаӡарала ишызқьҩыкымгьы, урҭ ыҟоуп иарбан аамҭазалакгьы.

Ус еиԥш иҟоу ауаа, ажәҩанаҿ Ашарԥы еҵәа егьырҭ аеҵәақәа ишрыламҩашьо еиԥш, рыхьӡи ргәалашәареи хашҭра рықәмкәа иаанхоит наӡаӡа. Убарҭ дыруаӡәкуп К. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи аԥсуа школ-интернат (иахьазы-алицеи интернат) раԥхьатәи анапхгаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Леила Николаи-иԥҳа Ачба.
Жәытәнатә аахыс ҳажәлар ражәа иалан «аус злоу – ауаҩы иԥсы ахьынӡаҭоу, ианиаҳауа иара изы ирҳәо акәӡам, уи идунеи аниԥсахлак ашьҭахь изырҳәо, ишихцәажәо ауп» ҳәа.
Хаҭала иааигәаны иузымдыруа ауаҩы изкны ажәа аҳәара иацу ауадаҩрақәа маҷымзар акәхап аха уи ауаҩы ибзиаӡаны зыӡбахә уаҳахьаз, инахараны акәзаргьы, знык-ҩынтә инареиҳаны иубахьаз, уззыӡырыҩхьаз, зхаҭареи зусушьеи пату узақәыз уаҩызар, насгьы уи инапы злакыз аус ухаҭагьы занааҭла ианузааигәоу, ҩнуҵҟатәи доуҳак умҩақәнаҵоит…

Леила Николаи-иԥҳа Ачба илызкны ирымҳәац аҳәара залымшозар акәхап, избнзар имаҷҩым уи лҟазшьеи, луаҩреи, лусуреи уҳәа ирызкны ажәа зҳәахьоу. Егьа ус акәзаргьы шәҩыла аԥсуа ҵеицәа анра-абра рызуа рааӡара жәашықәсала иазааԥсоз, Аԥсны еицырдыруа арҵаҩы диижьҭеи 100 ш. аҵра ахьӡала ҳҽазаҳшәоит, зыхьӡ нагоу ари Ауаҩы лхаҭара наунагӡа хашҭра шақәым зырҵабыргуа ажәақәак рҳәара.
Имаӡоу еилкаарам, ҳтәыла аизҳазыӷьаразы ихадароу, еиҵагыло абиԥарақәа ҩаӡара ҳаракыла рааӡареи ҵарадыррала реибыҭареи шакәу. Иаҳхысыз аҩажәатәи ашәышықәса ахыркәшара ԥшь-жәашықәсак шагыз, ақалақь Аҟәа иахчну, зҟынтә анапсаргәыҵеиԥш ақалақьи, иказказуа амшын агәи ухыԥшыло ахәы акәаԥрақәа руак, ашьха Трапециа ҳәа изышьҭоу аҟны, Аԥсны аҵарааӡаразы акыр аџьабаа збахьаз, иналукааша раԥхьатәи аԥсуа рккаҩцәа ируаӡәкыз Кондрат Ӡиӡариа ихьӡ ахҵаны иаартхаз абжьаратә ҵараиурҭа адиректор Леила Николаи-иԥҳа Ачба, ҳажәлар рҵеира агәыӷра лаша здуҳәалаша абиԥарақәаны реизҳара дашарԥшәаԥшьхеит.
Ԥсбарала арҵаҩратә, ааӡаратә баҩхатәра злаз Леила Николаи-иԥҳа ибзиаӡаны иеилылкаауан напхгара ззылуаз адоуҳатә ханхьыҵәцара ааӡамҭацәа,ҳҭоурых ҵаула иаԥсоу уаҵәтәи аԥеиԥш ҳаракы ракәны реизҳара шхымԥадатәыз. Уи азы лыԥсадгьыли лыжәлари рахь лыбзиабара, урҭ рҭоурых азгәдура, рыцәгьеи рыбзиеи рыцеиҩшара, аԥхьаҟатәи рлахьынҵа азхәыцра уҳәа… гәыла-ԥсыла дазхьаауа, уи лааӡамҭацәа рзы иҿырԥшыгахарц, хаҭалатәи хымҩаԥгашьалагьы ишьақәырӷәӷәо, зны-зынла илылымшозгьы лыллыршон, шьоукы-шьоукы ҳәынҭқарратә маҵзуҩцәақәак реиԥш, «мчымхара нышәароуп» апринцип дықәнымҟәакәа, еснагь лажәеи луси еимадан, илҳәоз ҳәан, илуыз уын ишырҳәо еиԥш. Ажәа хыркқәа рҳәара мацарала ипатриотцәаз дреиуамызт, имҩақәылҵозгьы убас рышьақәыргылара лҽазылшәон.
Ҳәатә змам уаҩ дыҟаӡам, аус злоу аҳәашьоуп. Леила Ачба лажәеи луси ианакәызаалак ишәан, изан, икапанын. Уи, ҳәарас иаҭахузеи, изыбзоураз лҵарадырра ҳараки, аԥсабара илыланаҵаз агәеилгара ҵаулеи, ахшыҩҵари роуп. Дарбанызалак инапы злаку аус аҿы дзымҵаныҳәо нцәахәык димазароуп, еиҳарак «амаҭа» ахы аникуа. Леила Николаи-иԥҳа лҟны, уи лхаҭа дызлааӡаз Аԥсуара шьаҭас измаз Ауаҩра акәын.
Ашкол-интернат раԥхьатәи ар­ҵаҩратә еилазаара ируаӡәкыз, апоет, ашәҟәыҩҩы Терент Ҷаниа ишазгәеиҭахьоу еиԥш, «ауаҩра уи хыхь иҟоу мчык иабзоураны ауп ауаҩы ишиауа. Ауаҩра– аҟазшьа бзиақәеи, ацқьареи, ақьиареи еидызкыло мшынуп. Ҳара ҳшамкәа ҳшаны адәы ҳақәызҵаз ауаҩра – мшынк иҟараны изыҟаиҵаз – иины адәы иаақәло зегьы ҿамҩак-ҿамҩак раӡарц ауп. Аха, рыцҳарас иҟалаз, аҿамҩа зыдызкылаз зегьыҵәҟьа ирнымаалеит, рхы-ргәы иаднамкылеит. Ауаажәлар рҿы зыԥсы ҭаны, амч рыманы иаанхаз,изнаалаз роуп». Убри аҿамҩа анаҩстәи абиԥарақәагьы ирымалдартә иззыхырҳагахаз дреиуан Леила Ачба.

Адунеиаҿы еицырдыруа ар­ҵаҩцәа дуқәа рԥышәа зҿлымҳарыла лхы ишалырхәозгьы, инакәызаалак Леила Николаи-иԥҳа илыман лхатәы дунеихәаԥшышьа, лхатәы знеишьа: аҵеи дуаҩны, аԥсуала ихаҭара ашьақәыргылара. «Иага мыҟәмабара шәақәшәаргьы, иага ҭыԥ ԥха шәзыԥшызарагьы раԥхьа ишәыргылала: шәыԥсадгьыл, абасҟатәи агәаҟрақәа збахьоу шәыжәлар, ижәдыруаз ахьӡ-ахьымӡӷ закәу… Урҭ еидызкыло мчуп ауаҩра…» ҳәа, иаалылшоз зегь ҟалҵон лҵаҩцәа ганрацәала рбаҩхатәрақәа раартреи, руаҩратә хаҭара еиуеиԥшым аганқәа рышьақәыргылареи рзы.
… 1960 шықәсазы иаартхеит Аҟәатәи ашкол-интернат. Уи зегь рыла ибзианы еиқәдыршәеит. Ақыҭақәа инарылалан, ибзиаӡаны аҵара зҵоз ахәыҷқәа еизыргеит. Ҳәарас иаҭахузеи, раԥхьа иргыланы ацхыраара зҭахыз ахәыҷқәа. Рҵаҩцәас иаарыԥхьазгьы убасҵәҟьа иҟаз ракәын: аԥышәа бзиа змаз, иазыҟаҵаз, зыԥсы ахҭнызҵоз… Аха зегь раԥхьаӡа иргыланы, ашкол-интернат даҭахын ахагыла бзиа: аиҿкаара злаз, адисциплина змаз, ааӡаратәы здыруаз, аԥышәа змаз аԥсыцқьа… Дагьырыԥшааит убас иҟаз ауаҩы, Леила Николаи-иԥҳа Ачба.
«Ақыҭантәи иааргаз ахәыҷқәа, ибзианы аҵара зҵоз шракәызгьы, ирылааӡатәыз даараӡа ирацәан. Леила Николаи-иԥҳа аӡәаӡәала ахәыҷқәа днаҳадтәаланы, амҳаҵә шаҵшьтәу, ачқьыԥ акышьа инаркны, аамысҭашәала атәашьеи, агылашьеи, акрыфашьеи, акрыжәшьеи хаҭала зегьы ҳлырбон. Ҳдиректор апианино даҿатәаны иаҳзалырҳәон, иагьҳлырҵон аҷкәын аӡӷаб кәашара дышнеиԥхьаша, кәашаншьҭахь лҭыԥ ашҟа дшааигаша, ҳаҭырқәҵарала. Иага шықәса царгьы сыбла дыхгылоуп ганрацәала абаҩхатәра змаз, ауаҩы инаалашьа иақәшәоз, ихьаақәа дырны ицхраара иазхиаз, зажәа хәшәыз, аԥсуа Макаренко ду– Леила Николаи-иԥҳа Ачба» ҳәа гәыкала дылгәалалыршәоит, уи лааӡамҭацәа ируаӡәку, Аԥсуа радио амузыкатә ҟәша аредактор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Елеонора Барцыцԥҳа.

Аҟәатәи аԥсуа школ-интернат азы раԥ­хьатәи аҵарашықәс аатит, хыхьҟа ишазгәаҳҭахьоу еиԥш, 1960 шықәса, декабр 6 рзы. Уи аҵаҩцәа раԥхьатәи роушьҭра мҩаԥысит 1965 шықәсазы. Ашкол иалгаз ҩажәи аӡәҩык рахьтә усҟантәи ҳтәыла ду иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭалеит ҩажәаҩык аушьҭымҭацәа. Ари иҳаракӡоу лҵшәоуп, ҳәарада. Ари аҩыза алыҵшәа ҳаракқәа зыбзоураз, Леила Николаи-иԥҳа уахи-ҽни дмыцәа-дымтәа Аԥсны анҭыҵгьы налаҵаны, еидылкылаз, напхгара ззылуаз, ззанааҭ зыԥсҭазаараз–аматематик Харалмпи Спиранти, афизик Ким Реџьебов, аҭоурыхдырҩы И. Цухникас, анаҩс ҳтәыла зыхьӡ еицадырыз: Е. Канхәуа, Л. Цобехьиа, Ев. Адлеиба, А. Гыцба… уҳәа реиԥш иҟаз арҵаҩцәа хатәрақәа рыла ишьақәгылаз аҵара-ааӡара иахылаԥшуаз аилазаара алахәцәа роуп.
Жәашықәсала Леила Ачба ашкол-интернат напхгара ахьы­нӡалҭоз, 500-ҩык инареиҳаны иоушьҭымҭацәахеит, урҭ нџьны­рцәан, техникцәан, физикцәан, ҳақьымцәан, иҵарауаан… уҳәа ҳтәыла аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи ԥсҭаазара аганқәа иахьабалак иалахәын, иалагылоуп иахьагьы. Иаҳҳәозар: Лиова Шамба, Уасил Аҩӡба, Анатоли Марколиа, Аслан Кобахьиа, Валентин Коӷониа уҳәа убас аӡәырҩы.
1992 ш.рзы ҳаԥсадгьыл ампыҵахалаҩ данақәла, арҵаҩы-ааӡаҩ Леила Николаи-иԥҳа, Аԥсуа телехәаԥшрала «Аҳы, сыҷкәынцәа, иааҳадгылеит аԥышәара ду аамҭа… Аиааира аҟынӡа шьаҿак ауп инхаз…» ҳәа илҳәаз ажәақәа ҩынтәынгьы игәыҭшьҭыхгахеит аԥсадгьыл ахьчаҩцәа, еиҳаракгьы аинтернат ааӡамҭацәа рзы. Урҭ рахьтә аԥсадгьыл рхы ақәырҵеит рҵарашықәсқәа раан ауаҩреи аԥсадгьыл абзиабареи ешьеи еҳәшьеи реиԥш иззаигәахахьаз 70-ҩык инарзынаԥшуа, жәеизаҩык – Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵан.
«Ажәа пату ақәуҵар, уаргьы иуқәнаҵоит» ҳәа шырҳәо еиԥш, Леила Ачба дцәажәон илҳәоз иарбанызаалак аҵакы ҵаула аманы, ицқьаны, лыбжьы дуцәамкәа еилыкка. Дызлацәажәоз ибзианы ишылдыруаз лхы агәрагара лныԥшуа. Илҳәоз агәынкылара марианы, лыхшыҩҵакқәа шьақәзырӷәӷәашаз, досу иқәраҿы иамарахаша аҿырԥштәқәа ааго. Еснагь Ауаҩреи, уи шәахәаны иахылҵуа ақьиареи ҳаракуа. Урҭ лхаҭа лыԥсҭазаара-ҿы ишхадараз даҽазныкгьы иарҵабыргуеит, лара лескиз ала, «ашьабсҭа гәнаҳа змам ԥстәуп, уи ҳашкол ашҭа иааҭалалак зегьы иранаҳәоит аԥшӡара ада ауаҩы дышхәарҭам, аха ауаҩы агәҽаанызаара шиҭаху еснагь уи аиқәырхаразы» ҳәа зхылҳәааз, Г.Митрофанов иҭыхымҭаны аинтернат аҭаларҭаҿы, зхы шьҭыхны итәоу ашьабсҭа асахьагьы.
Ааи, ҳазну аамҭазы акыр ихьысҳахаз уи ацәаҩа аиқәырхара ҳазхымԥадатәуп ҳарбанызаалак. Иаҳхаҳмыршҭлароуп, Ауаҩра шакәу аԥсҭазаара еиқәзырхо.

Ахра Анқәаб