Print this page

Афырхацәа рбаҳча

Хәажәкыр 13, 2025 88

Агәалашәара аҵла

Аҟәа, Тарас Шамба ихьӡ зху апарк аҟны, жәларбжьаратәи акциа «Агәалашәара абаҳча» инақәыршәаны Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира 80 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Аԥсны Афырхацәа рбаҳча ԥашәдыркит.

Еиҭарҳаит еиуеиԥшым аҵиаа хкқәа 80. Уи азкуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы иҭахаз ргәалашәара.

Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба, еизаз дрыдныҳәалауа, инаҵшьны иазгәеиҭеит Аиааира зхы ақәызҵаз афырхацәа ргәалашәара аиқәырхара акырӡа шаҵанакуа.

«Азин сышәҭ, зегь раԥхьаӡа иргыланы, ишәыдысныҳәаларц Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира ашықәсхыҵра. Жәашықәсала ҳгәаҿы иҟоу ари Аиааира миллионҩыла Асовет Еидгыла ауааԥсыра рхы ақәырҵеит. Иахьа абри агәалашәара еиқәырханы иҳамоуп, ҳанхартә-ҳанҵыртә, ҳаҿиалартә еиԥш алшара ҳазҭаз афырхацәа ргәалашәара аиԥш», – иазгәеиҭеит Гәынба. Уи игәалаиршәеит Асовет Еидгыла Афырхацәа 22-ҩык Аԥсны иалҵыз шракәу.

Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Урыстәыла Афедерациа анапхгара рахь ҭабуп ҳәа иҳәеит асовет солдаҭцәа рфырхаҵара ахамыршҭразы Аԥсны иҟоу абаҟақәа реиҭашьақәыргылара аганахьала иҟанаҵо ацхырааразы. Агәра диргеит убри адгылара иабзоураны маи 9 азы амемориалтә баҟақәа зегьы шеиҭашьақәыргылахо.

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьра Ахьӡ-Аԥша Амузеи Аиҳабы Мзиа Беиа иазгәалҭеит, 2025 шықәсазы акырӡа зҵазкуа рыцхәла ишалкаау – Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира 80 шықәса ахыҵра.

Асовет жәлар рфырхаҵара, рхамеигӡара, ргәымшәара еиҵагыло абиԥарақәа рзы иҿырԥшыганы иаанхоит.

«Ҳнапала еиҭаҳҳаз иарбанзаалак аҵиаа ҳабдуцәа рфырхаҵара угәаланаршәоит, адгьылаҿы аԥсҭазаара иасимволуп. Абарҭ аҵиаақәагьы иҳаҩсхьоуи ԥхьаҟатәи аамҭақәеи еимаздо цҳауп» – иацылҵеит лара.

Еизаз дрыдныҳәалеит ауаажәларратә проектқәа рзы Урыстәыла Ахада Иусбарҭа аиҳабы Сергеи Новиков. Уи иҳәеит Аԥсны аҳҭны-қалақь аҿы ишынарыгӡо «Агәалашәара абаҳча» аиԥш иҟоу апатриорттә проектқәа.

Аԥшьа Иоанн Ахьҿы иберҭыԥ ахылаԥшҩы аигумен Игнати Киут иара убас еизаз ирыдиныҳәалеит Аиааира Дуӡӡа 80 шықәса ахыҵра, иҳәеит аибашьра ду Афырхацәа ргәалашәара еснагь ирымазарц. Иара убас аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, аҵарадырратә усҳәарҭақәа рҵаҩцәа.

Зымҽхак ҭбаау аекологиа-патриот акциа «Агәалашәара абаҳча» хықәкы хадас иамоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ашықәсқәа раан иҭахаз рыхьӡала 27 миллион ҵиаа есышықәса реиҭаҳара. Ари апроект нарыгӡоит Урыстәыла Ахада В.В.Путин инапынҵала, иара ихаҭа 2020 шықәсазы Ржевсктәи амемориал иахьаҵанакуа агәалашәаратә ҵла еиҭеиҳаит.