Алхрақәа рҟны Бадра Гәынба рыбжьы ирҭеит 54,73% ауааԥсыра. Адгәыр Арӡынба рыбжьы ирҭеит41,54% алхыҩцәа.
Алхрақәа рымҩаԥысшьа атәы дазааҭгыло Дмитри Маршьан иазгәеиҭеит алхрақәа рымҩаԥысраан аилагарақәа шыҟаз атәы,аха урҭ алхрақәа рылҵшәақәа ишырԥырхагамхаз."Акандидатцәа рыбжьара 13-14 % рыла аԥыжәара имоуп Бадра Гәынба, убри аҟнытә аҭыԥ змаз аилагарақәа, алхра алҵшәақәа ирԥырхагам",- иҳәеит Дмитри Маршьан.