Print this page

Адунеи еиқәзырхо-аԥшӡароуп

Жәабран 27, 2025 144

Иҳаҩсыз амза аҵыхәтәантәи амшқәа руак азы, Аҟәатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спортшкол №1 аҟны им­ҩаԥысит, араҟа асахьаркыратә гимнастика аҟәша аартуижьҭеи ҩышықәса аҵра иазкыз агәырӷьаратә усмҩаԥгатә.


Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара аусбарҭа аиҳабы А. З. Ҭаркьыл аҟә­ша ааӡамҭацәа дрыдныҳәало ирзеиӷьалшьеит аихьӡара ҳаракқәа. Агимнаст қәыԥшцәа досу рҟазара иауаршәаны ирыхҵан рыбаҩрҵәыратә ҩаӡара зыршаҳаҭуа ахә­ҭашьақәа. Анаҩс, урҭ ирҭааз идды­рбеит рҟазара шьақәзырӷәӷәоз ақә­гыларақәа.
Асахьаркыратә гимнастика азҟазахара знапахьы аагара амҩа иану Аԥснытәи ақәыԥшцәа, ҳтәылаҿы мацара акәымкәа, уи анҭыҵгьы, изныкымкәа ирылахәхахьеит еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аҵакы змоу аицлабрақәа. Убас, 2024 шықәса ноиабр ахыркәшамҭазы урҭ алахәын, Шәача ақалақьаҿы имҩаԥысуаз, асахьаркыратә гимнастиказы ККОО «ФВЭГ» иаарту Ахраҿа «азышәарацара» иазкыз, Урыстәыла ақалақьқәа жәпакы рахьтә аспортсменцәа злахәыз атурнир. Уаҟа, азеиԥш бҩарҵәыратә зыҟаҵаразы ақәгыларақәа рҟны, ахьтәы медалқәа ирыԥсахеит–Аниса Адлеиба, Анастасиа Гәычуа, Елана Хоџьикиан, Леила Буава, Милана Кәарҷиа; араӡны–Софиа Зыхәба; аџьаз–Марина Џьопуа.
Хаҭалатәи аиндаҭларақәа рҿы досу рықәратә гәыԥқәа рыҟны актәи аҭыԥқәа ааныркылеит 12-ҩык, аҩбатәи ахԥатәи акака. Иалкаан убасгьы, иҷыдоу аԥхьахәқәа рыла: «зегь раасҭа игәыку» – Нара Цымцба; «аччаԥшь знаало»–Алеқсандра Адлеиба; «аҽалкаара зылшо»–Наала Лаквитава.
Иара убас, 2024 шықәса анҵә­амҭазы, аҟәша ааӡамҭацәа, Кра­снодар ақалақь аспорттә комплекс «Стимул» аҟны имҩаԥысуаз, Урыстәыла ақалақьқәа жәба рҟынтә акомандақәа злахәыз, Ашықәс ҿыцазтәи Иаарту атурнир иалахәын. 15-ҩык рыла ишьақәгылаз Аԥснытәи акоманда алахәцәа лыҵшәа ҳаракыла рхы аадырԥшит, урҭ зегьы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит. Актәи аҭыԥ – Аниса Адлеиба, Николь Гәбаз, Лиа Шьынқәба, Наала Лаквитава, Алиссандра Багаҭелиа, Варвара Левинскаиа. Аҩбатәи –Алеқсандра Адлеиба, Нара Цымцба, Марина Тиапкина, Алимеи Денизеи Хутоваа. Ахԥатәи – Алина Боциева, Анжелина Клубина, Дана Карапетиан, Злата Захарченко.
«Ажәа ахы умҳәакәа аҵыхәа узҳәом» ҳәа шырҳәо еиԥш, иахьазы ҳтәылаҿы, макьана мҽхакы ҭбаала аларҵәара змам ари аҟазара ашьаҭақәа аауеит, ҳҳәар ҳалшоит XIX ашәышықәсақәа аҽеиҩшамҭа иааркны. Ҵабыргны, ареволиуциа ҟалаанӡатәи аамҭақәа рзы Аԥсны, еиҵагыло абиԥарақәа рыбҩарҵәыратә ааӡара хшыҩзышьҭра ҵаула амамызт. Аха, ега ус акәзаргьы, XIX ашәышықәса аҩбатәи азбжазы ҳтәылаҿы иаадыртхьаз, зхыԥхьаӡара рацәамыз абжьаратә ҵараиурҭақәа рҟны, ҵатәхәык аҳасабала агимнастика алагаларазы иҟан ҽазышәарақәак. Иаҳҳәозар, 1868 ш. рзы Аҟәатәи Ашьхаруаа рышкол аҟны, иара убас, даҽа шықәсқәак рнаҩс Лыхнытәи, Бедиатәи, Оқәымтәи алагарҭатә ҵараиурҭақәа рҟы­нгьы, амала урҭ инықәырԥшу зне­ишьан ирымаз. Избанзар, аҵараиу­рҭақәа рҟны иаԥҵамызт иақәнагоу аҭагылазаашьақәа: амаругақәеи рҽахьазыҟарҵаша ауада еиҵыхқәеи, аус ишақәнагоу имҩақәызҵаша азанааҭтә зыҟаҵаҩцәеи ахьыҟамыз иахырҟьаны.
Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла адырҩашықәса инаркны, акомҿареидгыла анапхгараҿы ишьаҭаркыз абаҩрҵәыразы аилак ашьаҭала, 1925 ш. рзы Аԥсны Жәлар Ркомиссариат аҟны иаԥҵахеит анаҩс, уи аус ҳәынҭқарратә ҩаӡарала им­ҩа­қәызҵашаз аусбарҭа –абаҩ­рҵәыразы Иреиҳаӡоу ахеилак (ВСФК). Уи аш­ықәс анҵәамҭа инаркны ари аус­барҭаҟны иаԥҵаз арҵара-техни­катә еилазаара ахылаԥшрала, еи­уеиԥшым анаплакқәа, ау­сбарҭақәа уҳәа рҟны еиҿыркаауа иалагеит атлетика ласы, ашахмати ашашкеи, агимнастика… назлоу аспорт хкқәа рзы агәыԥқәа.
13 иуль 1925 ш. рзы Акоммунисттә партиа Ацентртә комитет «Аб­­аҩ­рҵәыразы апартиа ауснагӡатәқәа» ҳәа иаднакылаз ақәҵара инақәршәаны, асовет ҳәынҭқарра зегь аҟнеиԥш ҳтәылаҿгьы ақыҭақәа рҟны, аҵаразы жәлар ркомиссариат анапхгарала иаадыртуа иалагеит абаҩрҵәыратә хеидкылақәа (акружокқәа). Аԥсны аҵакыраҟны раԥхьа иаартыз иреиуан 1922 ш. рзы, Аҩадатәи Линда ақыҭан, М. Розенкрон зыжәлаз иаԥшьгарала, агимнастика-хореографиатә ҳәа хьӡыс измаз агәыԥ. Уаҟа аԥышәа змаз азыҟаҵаҩ ҳәа уаҩ дыҟамкәа, хатәгәаԥхарала рҽазыҟарҵон уи иадыԥхьалаз ақыҭауаа-аиԥхныҩлара, аԥара, аиқәԥара, ашьапылампыл уҳәа реиԥш, акәашарақәеи асахьаркыратә гимнастикеи рзгьы.
Аамҭа ԥхьаҟа ицон, 1927 ш. алагамҭа инаркны абаҩрҵәыразы иериҳаӡоу ахеилак амҩақәҵарала, Аԥсны ауаажәларра рыҩнуҵҟа аспорт арҿиара иазынархоу аусмҩаԥгатәқәа есааира иҭышәынтәало, рымҽхак дырҭбаауа иалагеит. Хадаратәла хшыҩзышьҭра аҭан анхамҩақәеи анаплакқәеи рҟны абаҩрҵәыратә ҟәшақәеи (асекциақәеи) агәыԥқәеи (акружокқәеи), урҭ ирыдрыԥхьало рҽахьазы­ҟарҵаша адәҳәыԥшқәеи ауада еиҵыхқәеи реиҿкаара. Убас, ари ашықәс азы раԥхьаӡа акәны, Аҟәа ақалақь аҿы иаартын агимнастикатә уада еиҵых.
1927-1928 аҵ. ш. инаркны аба­ҩрҵәыразы Иреиҳаӡоу ахеилак ишьақәнарӷәӷәаз аԥҟара инақәыршәаны, ҳтәыла ашколқәа зегьы рырҵаратә уснагӡатәқәа ирылагалан абаҩрҵәыразы аҵатәхәқәа хымԥадатәны, анаҩстәи аихшанҵала: алагарҭатә (I-III) аклассқәа рҟны хықәкыла агимнастика иазынархаз, абжьаратә (V-VIII) классқәа рҟны аҵаҩцәа рзеиԥш баҩрҵәыратә зыҟаҵара аҳаракразы мчыбжьыкахьтә 2 с. рзыԥҵәаны. Аха, аамҭа ҿыц (асоветтә) ааиаанӡа, алагарҭатә ҵараиурҭақәа рҟны, еиҳаракгьы агимнастикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥызгоз Н. Филь, Л. Воронова, М. Реис рыда, азанааҭтә зыҟаҵара змаз арҵаҩцәа азхомызт, убри аҟнытә жәлар рҵара ауездтә (араионтә) усбарҭақәеи ашколқәа рнапхгаҩцәеи рахәаԥшрала акәын абаҩрҵәыра аҵатәхәы азеиԥш арҵаратә уснагӡақәа ишрылагалахоз.
1925 ш. рзы АИА (ВСФК) аԥшьгарала Аҟәа иаартхаз аҽыкәабарҭатә ӡҭачы акәша-мыкәша ишьақәыргылан агимнастикатә мыругақәа, урҭ ирыдрыԥхьалоз рхыԥхьаӡара есааира ирацәаҩхон. Аамҭа наскьацыԥхьаӡа абҩарҵәыра аларҵәаратә усурақәа рым­ҽхак дырҭбаауан, еиуеиԥшым ан­­а­плакқәа рҟны иаԥырҵон ха­тәгәаԥхаралатәи абаҩрҵәыратә еилазаарақәа.
1935 ш. рзы раԥхьаӡа акәны ақәыԥшцәа рыбжьара имҩаԥган агимнастиказы Аԥсны аԥхьахәгара. Уи рҽаладырхәит ақалақьқәа: Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра, Тҟәарчал рахьтә акомандақәа. Уаҟа ԥыжәара ааныркылеит Ф. Емелианов зыҟаҵаҩыс дызмаз Гәдоуҭатәи ақәыԥшцәа. Ари аспорт хкы ашҟа азҿлымҳара есааира иҳаракхон.
1937 ш. инаркны хықәкылатәи азыҟаҵара змоу азанааҭуаа рыла атәыла еиқәыршәахарц, аҩнуҵҟа имҩаԥысуаз еиуеиԥшым абаҩрҵәыратә хкқәа рҟны аихьӡарақәа аазырԥшуаз аҭыԥантәи аҿар рахьтә, рдырреи рԥышәеи реизырҳаразы, Аԥсны анҭыҵ абжьаратә-занааҭтәи иреиҳауи аҵараиурҭақәа рахь ирышьҭуа иалагеит. Ари ашықәс азы Аҟәа имҩаԥган агимнастиказы азанааҭеидгылақәа раԥхьхәгара иазкыз аицлабрақәа, иара убас Аԥснытәи агимнастцәа алахәын Қырҭтәыла ачемпионат, урҭ реилазаарахьтә ԥшьҩык: Д. Дбар, З. Пигечева, Л. Окрошиӡе, Н. Виноградова Қырҭтәыла иеизгоу акоманда иахыԥхьаӡалан, агимнастиказы Зегьеидгылоутәи аицлабрақәа, Москва имҩаԥысраны иазԥхьагәаҭаз иалахәхарцазы.
30-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭа инаркны ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи аспорт радыԥхьалара аус еиҳа азҿлымҳара аиуа иалагеит. Уи зыр­ҵабыргуа ҿырԥштәуп 1937 ш. анҵәамҭазы, Аҟәа агимнастика, аӡсара, атлетика ласы, абокс, ашьапылампыл рыҟәшақәа рыла ишьақәгылаз ахәыҷтәы спортшкол аартра.
1940 ш. рзы ҳтәылаҿы, ареспублика аԥхьахәгара иазкыз аицлабрақәа мҩаԥган, агимнастикагьы зхыԥхьаӡараҿы иҟаз абаҩрҵәыратә хкқәа 19 рыла. Убасгьы, 1941 ш. имҩаԥысит «агимнастиказы акомҿартә еиҿкаарақәа реицлабрақәа» ҳәа хьӡыс измаз, аҿар рацәа здызыԥхьалаз, абаҩрҵәыра шгәабзиароу шьақәзырӷәӷәоз, аӡыргара – аларҵәаратә ҵакы змаз аусмҩаԥгатә. Ажәакала ауаҩы игәабзиареи игәамчи рырӷәӷәара аус аҟны, абаҩрҵәыра хкқәа ираԥхьагылоу агимнастика аҿиара есааира амҽхак арҭбаауан.
ХХ ашәышықәса аҽеиҩшамҭа инаркны ҳтәылаҿы аҿар ҽышәала разыҟаҵара иалагаз дреиуоуп, уи аспорт хкы Аԥсны ашьаҭаркҩы ҳәа иуԥхьаӡар зылшо, Асовет еидгыла аспорт азҟаза, зыхьӡ ҳаракаӡоу П. Ф. Лесгафт ихьӡ зхыз Ленинградтәи аҳәынҭқарратә абаҩрҵәыратә институт аушьҭымҭа Валентина Иаков-иԥҳа Крылова. 60-тәи ашықәсқәа инадыркны ҳажәлар рџьынџь хеиқәырхаратә еибашьра иалагаанӡа уи ихацлыркыз аус лыҵшәа бзиала иацылҵон, Белорусиатәи аҳәынҭқарратә абаҩрҵәыратә институт иа­лгахьаз, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аз­ыҟаҵаҩ, ХХ ашәышықәсазы Аԥсны азыҟаҵаҩцәа инарылукааша Лидиа Григори-иԥҳа Гора. Уи илааӡамҭацәоуп Асовет Еидгыла аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ иаԥсахахьаз Аԥснытәи аҭыԥҳацәа: Лиудмила Лаврентиева, Ирина Чихлаӡе, Наталиа Дроздова, ари аспорт хкы азы, аԥсуаа рахьтә, ари аҩыза ахьӡ ҳаракы раԥхьаӡа изанашьахаз, Тҟәарчалтәи аҭыԥҳа Жана Какалиа.
90-тәи ашықәсқәа раахыс еиуиеԥшым аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны рацәаӡак аҿиара амамызт, аха аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы иҟаҵоу ашьаҿақәа агәыӷра ҳарҭоит ҳәарада, анаҩс Аҟәатәи актәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спортшкол аҟны иаарту асахьаркыратә гимнастика аҟәша ааӡамҭацәа, егьырҭ жәпакы аспорт хкқәа рҟны Аԥсны аҵеира иаадырԥшуа аихьӡарақәа ишреиҵамхо.
Аманшәалареи аихьӡарақәеи!
А. Амзацба