Print this page

Аԥсуа драматә театр аԥсҭазаашьазы

Жәабран 20, 2025 276

Зыгәҭакқәа рацәоу

Аԥсуа театр аҿы аусура хацнаркуеит ахәыҷтәы студиа «Аԥарда». Хәажәкыра жәабанӡа ирыдыркылалоит аҟыбаҩ злоу, абызшәа здыруа ахәыҷқәа фышықәса инаркны жәаф шықәса зхыҵуа рҟынӡа.

Атеатр аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Хьыбла Мықәба лажәақәа рыла, астудиа атеатр аусура иацымхраауазар, иаԥырхагаӡам.

«Астудиа аартра хықәкыс иамоуп аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа раарԥшра, атеатр абзиабара дыркра. Иҟалап, иаднаԥхьало рахьынтә атеатр амҩа ианыло ҟалар. Хәажәкырамза инаркны астудиа аусура иалаҳаргарц ҳгәы иҭоуп», – ҳәа азгәалҭеит лара.

Аҵара процесс мҩаԥыслоит атеатр аҟны сабшалеи мҽышалеи, асааҭ жәеиза инаркны ҩбанӡа. Ахәыҷқәа макьаназы аҵара рҵалоит х-маҭәарк рыла. Асценатә ҟазара рҵаҩыс дамоуп - арежиссиор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Мадина Аргәынԥҳа. Асценатә бызшәа акәзар, Ҟабарда-Балкариа зҽаԥсазтәыз артист, актиор Адгәыр Џьениа. Асценаҿы аиҭаҵра дирҵалоит абалетмеистер - Ерик Ҭырқьба. Нас, иалагалахоит егьырҭ амаҭәарқәагьы, имҩаԥагалахоит еиуеиԥшым амастер-классқәа.

«Ахәыҷқәа Аԥсуа театр ақәыргыламҭақәа рҿы ихәмарлоит, уи адагьы агәыԥ шықәсыктәи рҵара ахыркәшамҭаз иқәдыргылоит аспектакль. Атеатр аҿы иаангылар зҭаххо ҟалар, мап рцәаҳкӡом, иааиуа ашықәсазгьы рҵара иацырҵар рылшоит», – лҳәоит Мықәба.

Убри аан астудиа иаднакылоит агәаҳәара змоу ахәыҷқәа зегьы, хазы алԥшаарақәа ҟарҵаӡом. Нас аҵараҿы еилкаахоит  атеатртә ҟазара знаало. Атеатр анапхгара абызшәазы иҟоу ауадаҩра ҳасаб азырухьеит. Аԥсшәа ззымҳәо дҳадкыланы аусура цәгьахоит, араҟа абызшәа дҳарҵалартә еиԥш алшара ҳауӡом, ҳәа азгәалҭеит уи.

Аҿар атеатр радыԥхьаларазы аԥсуа театр ирымоуп агәҭакқәа. Уажәазы ихацырку ируакуп аԥсуа-базатә конгресси дареи раԥшьгамҭа ақыҭа школқәа рҿы аҵара зҵо ирзырхоу.

«Уи даара иҳахәо проектуп. Раԥхьтәи арбара ибзианы ицеит, иаҳнарбеит, ишахәҭоу аус анагӡара. Ахәыҷқәа раагара аконгресс ахахьы иагоит, атеатр аҩныҵҟа арбарақәа ҳара еиҿаҳкаауеит», – азгәалҭеит Мықәба.

Хьыбла илҳәоит, еиҭа ишырҭаху ашколхәыҷқәа ирнаалаша ирымоу ақәыргыламҭакәа реиҭарҿыцра. Астудиа  ақәыргыламҭақәа атеатр арепертуар иахыԥхьаӡалахоит. Ашықәс ҿыцаз иҭыжьыз ахәыҷтәы спекталь «Мириа» апиеса автор Занда Какалиаԥҳа еиҭа аус адылулоит, иамылхуеит аныҳәа иазку ахәҭа, ақәыргыламҭа атеатр арепертуар аҿы иаанхарцаз.

Абасала аԥсуа театр арепертуар ахарҭәаара иаҿуп, убри аан иаднаԥхьалоит аусзуҩцәагьы, еиҳарак аҿар, зус ҭакԥхықәралеи бзиабаралеи иазнеиуа. Атеатр иаҭахуп, зшьа еилашуа, амч змоу аусзуҩцәа, лҳәоит лара. Уи анаҩсан ргәы иҭоуп аҿарацәа ргәыԥ Урыстәылаҟа аҵаразы рышьҭра, аха урҭ рҵара хыркәшаны иаанӡа, агәаҳәареи аҟыбаҩи змоу аҿар аусура ирыдыркылоит.

«Аԥсуа театр азы аҿарацәа Урыстәыла акультуратә ҵараиурҭақәа рахь ишьҭын аҵара дырҵаны, анаҩс Аԥсуа театр атруппа иахыԥхьаӡалахарцаз, аха урҭ реиҳараҩык аурыс театр аҿы аус руеит. Аԥсуа театр аҿы иаанхаз маҷҩуп. Рыԥшаара ҳаҿуп асцена ианаало, аҟазара злоу. Ааигәа дҳадаҳкылеит Михаил Цкуа. Далагалан ашықәс ҿыцазтәи ақәыргыламҭа. Ихәмаррала, аус иазнеишьала иаабеит иара атеатр дшатәу. Аҟыбаҩ ада ара иаҭахуп, атеатр  абзиабара, аҭакԥхықәра. Иаргьы аинтерес изцәырҵит. Уажәы аҩбатәи ақәыргыламҭа далаҳҵеит – «Гәымсҭатәи абаллада». Хәажәкыра 15-16 рзы асценахь дцәырҵран дыҟоуп», – лҳәеит Хьыбла.

Хьыбла Мықәба шықәсыки бжаки аахыс атеатр аиҳабы инапынҵақәа налыгӡоит. Иҳәатәуп, ари раԥхьатәи шеиҿцәажәароу лара лзы атеатр анапхгаҩык иаҳасабала. Уи агазеҭ «Аԥсны» ахьакәхаз, даара деигәырӷьеит. Ҳаргьы иҳауз аҭагылазаашьа ҳаҩҳмыжьит, еилаҳкааит ари ашықәсазы иазгәаҭан ирымоу аусура атәы, атеатр ауаа радыԥхьаларазы иҟоу агәҭакқәа. Раԥхьа иргыланы уажәы аԥсуа театр аусура ззырхоу ажәлар аҭаауа аҟаҵароуп, уи иамаз ахыԥша азыргьежьра, ҳәа азгәалҭеит Хьыбла ҳаиҿцәажәараҿы.

«Аԥсуа театр – ҳмилаҭ ирхәышҭаароуп. Иара ихадоу атеатр ахьӡ аманы ианыҟала, аусурагьы уи иашьашәалазароуп. Аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа актиорцәа руалафахәы иамыхәаԥшкәа аус руеит иахьагьы, рзанааҭ рмыԥсахӡеит, атеатр аус аанымгыларцаз. Саргьы 24 шықәса ҵуеит актрисак лаҳасабала атеатр аҿы сыҟоижьҭеи. Актиорцәа рхьаа здыруеит. Сара исылшо зегьы ҟасҵоит, исыду аҭакԥхықәра анагӡараҿы», - лҳәоит Мықәба.

Лара лажәақәа рыла, актиорцәа ирцәыӡыз аамҭа рацәоуп. Ирыхәмаршаз арольқәа ыҟан, аха иаԥҵамызт аусуразы аҭагылазаашьа. Уи рыцҳара дууп актиор изы.

«Уажә ааигәа дҳаԥхеит актриса ӷәӷәа, Изольда Арухааԥҳа. Еиҭа илылшарыз рацәан асценаҿы. Иуадаҩуп сара ишысҭаху еиԥш аусуразы аҭагылазаашьа рзаԥҵара ҳактиорцәа. Исҭахуп ирыхәҭоу роулартә еиԥш аҟаҵара. Агастрольқәа рахьицаларц. Егьырҭ актиорцәеи дареи аимадара рыбжьазарцаз. Егьырҭ аспектакльқәа рбаразы алшара рыманы иҟазарц. Аус ҳуеит, усҟак ацхыраарагьы адгыларагьы шҳамам. Аха, ацхыраара ҟалароуп. Атеатр ныҟәгатәуп», - ҳәа лҳәоит Хьыбла.

Лара дақәшаҳаҭым аҳәынҭқарратә театр ацхыраара иаҳәо аҟаҵара, аилакқәа рахь ашәҟәқәа шьҭуа афинанстә дгыларазы. Аха, уи ада ԥсыхәа анрымам ҟалалоит. Атеатр аҿы икыду актиорцәа  дуқәа, ҳдраматургиа акорифеицәа  рфотосахьақәа хәҭак реиҭашьақәыргылара иаҿуп Риҵатәи амилаҭтә парк иҟанаҵаз ацхыраарала. Аҟазацәа зыхьӡ еицырдыруа рыдагьы, иҟаӡам атеатртә труппа иалоу рфотосахьақәагьы.

«Аԥсуа театр иагу шырацәоу ззымдыруа дыҟамзар ҟалап, хьаас измоугьы маҷым. Агәаҳәара змоу зегьы ацхыраара ҟарҵар рылшоит, ажәала мацаралагьы. Ажәа ԥха - акыр иаԥсоуп», – лҳәоит Хьыбла.

Атеатр ахәаԥшцәа адыԥхьаларазы аӡыргара аганахьалагьы аус ду цоит.  Асоциалтә даҟьақәа рҿы активла атеатр аусура иазку анҵамҭақәа ҭаргалоит. Ҷыдала уи азы атеатр иаднаԥхьалеит ауаа. Уи адагьы агриммҟацарҭа, ашәҵатәқәа рыӡахырҭа  уҳәа рҿы иаанагеит иҿыцу аусзуҩцәа, знапынҵақәа ҭакԥхықәрала иназыгӡо. Атеатр аҿы аус зуа руалафахәы ахьдуум аҟынтә иӡбан, мызкахьы знык «иреиӷьу аусзуҩ» иалкаара, анаҩс аԥаратә ҳамҭала игәы аҟаҵаразы. Уажәааигәа иаартын атеатртә каҳуажәырҭа. Ахәаԥшыҩцәа аҭагылазаашьа рзаԥҵоуп аспектакль иалагаанза, ма ашьҭахь итәаны каҳуак ажәра, изхәаԥшыз аспектакль иахьалацәажәаша. Иахьазы иҟаҵоу маҷым, лҳәоит Мықәба, ахыбра иагу хәыҷы-хәыҷла рхала иаархәоит. Абасала атеатр аҩныҵҟа еилашуеит аусура, маҷ-маҷ аԥсы ахаҵаразы.

Арҿиаратә гәҭакқәагьы маҷым. Аха, урҭ рынагӡараз ироуа аԥынгылақәагьы ыҟоуп. Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа даара анырра рырҭоит.

Аԥсуа театр еиҭашьықәнаргылоит арепертуар иалоу, ахәаԥшцәа еиҳарак иргәаԥхо аспектаклькәа.  Иқәыргылахоит апремиера ҿыцқәа. Жәабранмза 26-27 рзы  иҟалараны иҟоуп  Карло Гольдони ипиесала иқәыргылоу аспектакль  «Мирандолина» апремиера. Арежиссиорс дамоуп Алхас Шамба. Иазгәаҭоуп даҽа премиера дук. Асценахь ииагахоит Дырмит Гәлиа ироман ала Мадина Аргәынԥҳа аус здылуло аспектакль «Камаҷыҷ». Уажәы арҿиаратә гәыԥ ақәыргыламҭа аус адырулоит.

Иааиуа 95-тәи атеатртә сезон – иубилеитәуп. Аԥсуа театр иахыҵуеит 95 шықәса. Уи хҭыс дууп. Иазгәаҭоуп аусмҩаԥгатәқәа рацәаны.

 Альбина Жьиба