Абжьыҭаразы алхрақәа рышҟа инеит 65%(94 313) алхыҩцәа.Ас еиԥш иҟаз аинформациа Алхырҭатә комиссиа Хада ашҟа инеит 19 :30 минуҭи рзы.
Алхрақәа шымҩаԥысыз атәы дазааҭгыло Дмитри Маршьан иазгәеиҭеит зыбжьы азҭахьо ауааԥсыра рхыԥхьаӡара. Аҟәа ақалақь - 26537, Гагра араион - 17 389, Гәдоуҭа араион - 17 334, Аҟәа араион - 4055, Гәылрыԥшь араион - 8477, Очамчыра араион - 10872, Тҟәарчал араион - 3690, Гал араион - 1387. Иара убас Москва - 2680, Черқьесск - 1902. Алхрақәа рылҵшәақәа ажәлар ирылаҳәахоит уаҵәы февраль 16 асааҭ 12 рзы.