Print this page

Алхратә ҭыԥ № 1, алхратә ҭыԥ хада № 5

Жәабран 15, 2025 146

Алхратә ҭыԥ № 1, алхратә ҭыԥ хада № 5 аҿы инеиуаз ауааԥсыра рхыҧхьаӡара маҷҩымызт.

Ари аҭыԥ хада акомиссиа ахантәаҩы Лолита Никәала-иԥҳа Кациа лажәақәа рыла 1402-ҩык алхыҩцәа рсиа ыҟоуп. Урҭ рахьтә асааҭ 11 рзы рыбжьы рҭихьеит 240-ҩык, иҟоу асиа ахыхь аҟнытә иарбоуп 14-ҩык. Ари аамҭазы аилагарақәа ҳәа акагь ыҟам,абжьыҭара мҩаԥысуеит Аԥсны Ахада иалхрақәа рзы Азакәан инақәыршәаны.