Print this page

Аԥсаӡ аарта иазкыз ахәылԥаз

Ԥхынкәын 26, 2024 117

Ԥхынҷкәынмза 25, асааҭ 18:00 рзы Пицунда ақалақь аҿы имҩаԥысит аԥсаӡ аартра иазкыз аныҳәа. Ари ахәылԥаз еиҿнакааит ақалақь ахадара.


Аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы еиҿкаан илахҿыху апрограмма. Ақалақь ахадара абзоурала ааԥхьара рыҭан Шәачантәи еиуеиԥшым аперсонажцәа, иара убас аҵаа бабадуи, асҭыԥҳаи.
Ахәыҷқәа ҳамҭас ирыҭан ахәмаргақәеи, ахаа-мыхаақәеи.
Ахәылԥаз хыркәшан аныҳәатә феиерверкқәа рыла.

Аманда Анталаа