Print this page

Аӡәгьы имазҵаакәа

Ԥхынкәын 11, 2024 150

Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аиԥылара мҩаԥигеит. Уаҟа иахәаԥшын аиқәԥареи атлетика хьанҭеи ршкол ԥасатәи ахыбра акәша-мыкәша ишьақәгылаз аҭагылазаашьа.


Ахцәажәара рхы аладырхәт аҵара министр инапынҵақәа назыгӡо Инал Габлиа, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба, аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аҳәынҭусбарҭа аиҳабы Гаррик Сангәлиа, аспорттә уаажәларра ахаҭарнакцәа.
Аҟәа, Аршба имҩаҿы иҟоу зыбжа рбгоу ахыбра зтәыз иқәыргеит иҳаҩсыз аԥсшьара мшқәа раан, аӡәырҩы уи ишаҿагылозгьы.
Аспорттә уаажәларра ахаҭарнакцәа ахыбра ахьықәыргаз ргәаԥсахы еибанаркит, аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡауа иахь аҳәара ҟарҵеит ахыбра аҵара Аминистрра азырхынҳәра дацхраарц, иара убас аус зымуа егьырҭ аспор­ттә хыбрақәа ашәҟәы иҭаргаларц.
Валери Бганба агәра диргеит ахыбра азинтә статус азҵаара инҭкааны ишахәаԥшхо, иагьақәиргәыӷит ԥасатәи аспорттә хыбрақәа зегьы изтәу, изҵазкуа реилкааразы акомиссиа шаԥиҵауа.