Ари апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡоуп зҵарадырра еиззырҳарц зыгәҭаку аҿар рзы Урыстәылатәи Иреиҳау аҵараиурҭақәеи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети рҟнытәи алекциақәа рыԥхьара, амастер-классқәа, еиуеиԥшым аконференциақәа рымҩаԥгара. Ас еиԥш иҟоу ацәаргақәҵа мҩаԥыслоит октиабр 18-нӡа.
Иазгәаҭатәуп ааигәа «Россотрудничество» Ахаҭарнакра ишрыларҳәаз Урыстәыла Иреиҳау аҵараиурҭақәа рахь иҭало рзы Аԥснынтәи арҵаратә ҭыԥқәа (аквотақәа). Зынӡаск Аԥснытәи абитурентцәа ирзалхуп 110 ҭыԥ.