Print this page

Аспорт азҟаза изкны

Жьҭаара 14, 2024 228

СССР аспорт азҟаза, Леон иорден занашьоу Георги Блаб игәалашәара иазку абокс азы ҩажәижәабатәи Жәларбжьаратәи аиубилеитә турнир мҩаԥысуеит Пицунда ақалақь аҿы.
Георги Блаб дҭахеит 1992 шықәса жьҭаарамзазы Гагра ақалақь ахақәиҭтәраан.


Аицлабрақәа мҩаԥысуан 2006-2007, 2008-2009, 2010-2011, 2012-2013, 2014-2015 шықәсқәа рзы ииз аспортсменцәа рыбжьара.
Уи рхы аладырхәит Белорусиа, Донецктәи Жәлар Рреспублика, Узбекисҭан, Ҟабарда-Балкариа, Санкт-Петербург, Алтаитәи атәылаҿацә иара убас аобластқәа Челиабинск, Воронеж, Курск, Орлов, Липецк, Саратов, Ростов, Самара, Москва, Псков, Тамбов рҟнытә 400-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа.