Print this page

Аԥкьаҭ асразы ачемпионат

Нанҳәа 05, 2024 250

Леон Габлиеи Ерика Кәарҷиеи аԥкьаҭ асразы Аԥсны ачемпионат аҿы аиааира ргеит. Аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит Ренат Карчааи Амра Амҷбеи, аџьаз иаԥсахеит Анна Егоровеи Лаша Давиҭаиеи.

Ачемпионат мҩаԥысуан август 4 рзы Аҟәа ақалақь аҟны. Иара рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа рҟынтәи 50-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа. 

Аицлабраҿы аиааира згаз иранашьан аԥхьахәқәа, аграмотақәа, иара убас амедалқәа.

Мадина Амҷԥҳа