Print this page

Ихыркәшан аԥхынтәи арҵаҩратә ҟазара

Ԥхынгәы 10, 2024 307

Аҩбатәи абжьаратә школ аҿы имҩаԥысит Аҟәа ахадара аҵара аҟәша еиҿнакааз ахԥатәи аԥхынтәи арҵаҩратә ҟазаратә школ аусура аихшьаала.
Шықәсык инаркны хәышықәса рҟынӡа аусуратә ԥышәа змоу ҩышәҩык инарзынаԥшуа арҵаҩцәа қәыԥшцәа аҟазаратә классқәеи атренингқәеи ирылахәын.
Аҵара аҟәша еиҿнакааз арҵаҩратә ҟазаратә школ апроект адгылара арҭеит аҳҭнықалақь ахадара. Уажәшьҭа хышықәса ҵуеит Аҟәатәи арҵаҩцәа рыҩнуҵаҟа азҿлымҳара ду аҵаны имҩаԥысуеижьҭеи ари аусмҩаԥгатә.