Print this page

Аныҳәа хадақәа ируакыу

Рашәара 16, 2024 384

Кәырбан-Баирам (Ҳаџьра-цара ахыркәшара) аԥсылманцәа рзы зегьы реиҳа ихадоу ныҳәоуп. Уи, азхаҵаҩцәа хьанарԥшуеит аԥсылманра адоуҳатәи ацәаҩатәи хыҵхарҭақәа рахь.

Жәытә-натә аахыс ари аныҳәа азгәарҭоит ақьиареи аҳалалреи ирзынархәоу аусқәа реиҿкаареи рынагӡареи рыла, еиҳараӡакгьы ацхыраара зҭахыу иналкааны хшыҩзышьҭра рыҭарала.
Аныҳәа аҷыда ҟазшьақәа ирхадоуп – Ҳазшаз ихьӡала ԥшь-шьапык зҵоу ашьра, уи ахьтә акәац ахәҭак зыбзазаратә ҭагылазаашьа хьысҳау, мамзаргьы ахшара рацәа ахьеизҳауа рызнагара.
Кырбан-Баирам – Аԥсны ҳәынҭқарратә ԥсшьаратә ныҳәамшуп.