Print this page

Рашәара 17 ԥсшьарамшуп

Рашәара 14, 2024 403

Амҽыша, рашәарамза 16 рзы аԥсылманцәа Кәырбан-Баирам ныҳәа азгәарҭоит. Ари амш Аԥсны ныҳәамшны иԥхьаӡоуп.

Аԥсшьарамши аныҳәамши ахьеиқәшәаз инамаданы, Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵарала, рашәарамза 16 (амҽыша) иақәшәо аԥсшьарамш уи иашьҭанеиуа аусуратә мшы, рашәарамза  17 (ашәахьа) ахь ииагахоит. Рашәарамза 17 ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп.