Print this page

Абраскьыл ихылҵшьҭра

Рашәара 13, 2024 326

Ишдыру еиԥш, ииун 12-23 рзы Татарсҭан аҳҭнықалақь Казан имҩаԥысуеит, Брикс ҳәа изышьҭоу, Урыстәылеи еиҩызаратә еимадарала зусеицура ҳәаақәҵоу аҳәаанырцәтәи жәпакы  аҳәынҭқаррақәеи рыбҩарцәыратә хәмаррақәа.

Аԥнытәи аспортсменцәа ҳтәыла абираҟ рхашәыршәыруа мҽхакыҭбаалатәи жәларбжьаратәи ахәмаррақәа аҽрылархәра, ҳаспорт ашықәсҩыраҿы раԥхьаӡатәиуп.

Жәларбжьаратәи ахәмаррақәа аатит ииун 12 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ гәадурала иҳаракны иназгоз, адунеи зыхьӡ еицадыруа аԥсуа шьапылампыласҩы Цәеиба Ахрик дызԥызаз Аԥснытәи аделегациа рцәырҵрала.

Аихьӡара ҳаракқәа шәаҭәашьазаать Ҳазшаз имчала Аԥсны ахьӡ анагаҩцәа!