Print this page

Ииун 1 - Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш!

Рашәара 01, 2024 324

Иазгәаҭатәуп раҧхьаӡакәны Ииун 1 - Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш 1950 шықәсазы ишазгәарҭаз.Уи аахыс ари арыцхә азгәаҭара иалагеит шамахамзар атәылақәа зегьы.
Егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны еиҧш, Аҧснгьы есышықәса иазгәарҭоит ари амш.
Сынтәа Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иҟаиҵаз адҵала ари амш аҽны Аҟәа ақалақь аҟны имҩаԥысран иҟан аныҳәа аиҿкааразы арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа, аха амшцәгьа иахҟьаны уи ииагоуп ашәахьа, ииун 3 рахь.