Print this page

Аԥснытәи ашколқәа рҟны аҵара шықәс хыркәшахоит маи 22 рзы

Лаҵара 14, 2024 316

Иааит ашколхәыҷқәа ззыԥшыз аамҭа. Шьоукы рзы аԥсшьара мшқәа ираамҭоуп, аушьҭымҭацәа рзы иагьгәырӷьароуп, иагьлахьеиқәҵароуп рышколқәеи рырҵаҩцәеи ахьаанрыжьуа.


Аԥсны ашколқәа зегьы рҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы гоит маи 22 рзы.
Сынтәа Аԥсны ашколқәа ирылгоит 1900 - ҩык инарзынаԥшуа аушьҭымҭацәа.
Аԥсны аҵарадырра Аминистрра ауаажәларра аҽрымадаразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа иажәақәа рыла, 12-ҩык аушьҭымҭацәа амедальқәа риуразы рыӡбахә ҳәоуп. Урҭ рахьтә жә-ҩык – «хьтәыла», х-ҩык «раӡынла».
Иара убас иҳәеит, сынтәа ашколқәа рҟны аԥышәарақәа ишрылаго ажәбатәи ажәеизатәи аклассқәа рзы маи 30 инаркны ииун 20-нӡа.