Print this page

Аслан Бжьаниа ааха зауыз ақыҭақәа дырҭааит

Лаҵара 13, 2024 287
Амшцәгьа иахҟьаны Очамчыра араион аҿы аҧхасҭа ҕәҕәа зауз ақыҭақәа Кәтоли Џьгьардеи дырҭааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Аҧсабаратә рыцҳара зынхамҩа ааха знаҭаз анхацәа аҳәынҭқарра аҟынтә ацхыраара роуеит, - иҳәеит Аслан Бжьаниа анхацәа рҧылараан. Иара убасгьы Аҧсны Ахада Кындыҕ ақыҭан аӡы амҩа ахьыҵнаӡәӡәааз дахәаҧшит. Аӡхыҵра ахҟьа аҧырҟәҟәааразы изыхәҭоу аусбарҭақәа адҵа риҭеит.