Print this page

Ахортә капелла аихьӡарақәа

Лаҵара 11, 2024 481

Маринтәи атеатр аиҳабы – асахьаркыратә напхгаҩы Валери Гергиев иааԥхьарала Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә хортә капелла рхы аладырхәуеит Москватәи Амшаԥтә фестиваль. Афестиваль мҩаԥысуеит мшаԥымза 25 инаркны лаҵарамза 16-нӡа. Уи иалахәхоит, иара убас, Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟнытә аколлективқәа.

Лаҵарамза 13, 2024 шықәсазы Аԥснытәи Ахортә капелла ықәгылоит Москва иԥшьоу Пиотри Павли руахәама хада аҟны, лаҵарамза 14 азы – Серпуховтәи амузыкатә  драматә театр аҟны, лаҵарамза 15 – аиҳабыратә-қәра иаҵанакуа, зықәра нагоу ауаа рымаҵ ахьыруа ацентр «Амрагыларатәи» («Восточный») аҟны.

Аҳәынҭқарратә хортә капелла аиҳабы Нодар Ҷанба иҿцәажәараҿы иазгәеиҭеит: «Ҳара ишьақәҳаргылеит еиуеиԥшым апрограммақәа хԥа. Хымԥада, иҟоуп еиҭадырбахо, аха иара убас ҿыц иаԥҵоу арҿиамҭақәагьы. Раԥхьаӡакәны ҳара инаҳагӡо арҿиамҭақәа Аԥсны аҩнуҵҟагьы идҳарбарц ҳгәы иҭоуп. Урҭ рахь ианаҵакуеит Москватәи акомпозиторцәа рырҿиамҭақәа ҩба, акы зынӡа ҳкапелла  уаанӡа инанамгӡацыз, убасгьы аԥсуа композиторцәа рырҿиамҭақәа арҿыцрақәа алагаланы: Ражден Гәымба – «Ауардын», Константин Ченгелиа «Аԥшьа Мариа ҳбыҳәоит», уи Аԥсны идҳарҳахьеит. Иҳамоуп иара убас Миха Лакрба – «Амҳаџьыраа ргарашәа». Ажәакала, апрограмма,  еиҿкаауп аинтерес ду аҵаны», – иҳәеит Ахортә капелла аиҳабы.

«Раԥхьаӡакәны акапелла Москва инанагӡоит убасгьы, Германиа адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷба лырҿиамҭа. «Уи хаҭала ҳкапелла азы иҩуп Мушьни Лашәриа иажәеинраала «Сҭампылтәи аџьырмыкьаҿы» ашьаҭала. Ҳара маҷк иҳаԥсахит ахьӡ «Сҭампылтәи алаӷырӡ» («Стамбульская слеза») ҳәа. Ари зынӡа иҿыцуп, ааигәа иҩуп ҳара иҟаҳҵаз аҳәарала. Иманшәаланы илықәҿиеит аҟнытә ҳара илыдаагалеит ахор азы илҩырц аԥҵамҭа» – иҳәеит Нодар Ҷанба. Амшаԥтә фестиваль  алахәхара адагьы Аԥснытәи Ахортә капелла лаҵарамза 15 рзы имҩаԥнагоит аконцерт ду ҳаамҭазтәи амузыка Ацентр аҟны.

 Раԥхьаӡакәны Аԥснытәи Ахортә капелла, адирежиор Нора Аџьынџьал лнапхгарала, Москватәи Амшаԥтә фестиваль иалахәын 2009 шықәсазы. Уинахыс 2013 шықәсанӡа аколлектив есышықәса рхы аладырхәуан ари афестиваль. Москватәи Амшаԥтә фестиваль – ари Урыстәыла зымҽхак акырӡа иҭбаау музыкатә форумуп. Есышықәса еиднакылоит шәнызықьҩык инарзынаԥшуа азыӡырҩцәа.

2002 шықәсазы Маринтәи атеатр асахьаркыратә напхгаҩы  Валери Гергиеви, Урыстәыла аиҳабыреи раԥшьгарала иаԥҵаз Москватәи Амшаԥтә фестиваль иаразнак ахәаԥшцәа рыбзиабара иаԥсахеит. 2003 шықәсазы Урыстәыла ахада Владимир Путин идгыларала урыстәылазегьтәи фестивальхеит.

Иахьатәи аамҭазы Афестиваль иамҽханакит 145 инарзынаԥшуа Урыстәыла ақалақьқәа, иара убас атәылақәа 5 рҟнытә еиуеиԥшым аҟазаратә еилазаарақәа.

Аманда Анталаа