Print this page

Аҭирҭақәа рахь инагоуп

Лаҵара 11, 2024 363

Нарҭаа ирызку аԥсуа фырхаҵаратә епос зегьы еидызкыло жәа-томк зҵазкуа аҭҵаарадырратә, академиатә ҭыжьымҭа аа-томк аҭирҭақәа рахь инагоуп.
Анапаҿы аиура иазҿлымҳаз аԥсуаа рнарҭтә епос аизга аархәарц рылшоит Аҟәа ақалақь ашәҟәыҭиирҭақәа рҟны, иара убасгьы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы еиҿкаау Академшәҟәы аҟны.