Аҧсуа телехәаҧшра ажурналистцәа Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа аинтервиу анимырхуаз актәи зҵаараны ишьҭырхит аҧсуа бызшәа азҵаара - абызшәа аҿиаразы аҳәынҭқарра иарбан усқәоу имҩаҧнаго.
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит 30 шықәса рыҩныҵҟа х-комиссиак шеиҿкааз аҧсуа бызшәа арҿиаразы, аха иахьагьы инагӡам аусқәа шыҟоу.
«Сани саби еиҭарҳәон: аҧсуаа азин рымаӡамызт Аҧсны ҧсышәала ацәажәара. Уи шықәсык акәӡамызт ус ианыҟаз, кыршықәса иҟан, аха ҳауаажәлар аҧсуа бызшәа еиқәдырхеит. Аҧсышәала џьара унеины уцәажәар ауамызт, – ашкол аҟны иҟамызт, аусбарҭақәа рҿы иҟамызт.
Аҧсуа бызшәа абеиқәхеи? Аҭаацәа рҿы еиқәхеит. Ари сара аҭакҧхықәра аҳәынҭқарра аҟынтәи ауаа рахь ииазгарц акәӡам изысҳәо. Сара исҳәарц исҭаху убри ауп, аҭаацәа рҿы ауп ахы ахьыҵнахуа аҧсуа бызшәа. Убри ҳауаажәлар еилыркаар сҭахуп, уантәи ауп ишалаго аҭагылазаашьа.
Егьырахь, акурсқәа ҟаҳҵеит, онлаин-программа ҟаҳҵеит, ашколқәа ҳамоуп, амультфильмқәа ҳамоуп, Аҧсуа киностудиа ҳамоуп, ашәҟәы акьыҧхьра ҳамоуп. Уи зегьы ҳамаӡамызт усҟан. Уи азыҳәа удырӡуан аҧсуа бызшәа уҳәар, аха еиқәдмырхеи. Убри аҧышәагьы шьҭыхны иҭҵаатәуп. Усҟан изеиқәҳархеи, иахьа, даҽа ҭагылазаашьа бзиак анҳамоу, изаҳцәыӡуеи? Усҟан Аҧсны инхоз амилаҭ рхыҧхьаӡара еиҳаӡамыз? Еиҳан. Уажәы ҳара ҳаиҳауп. Абри аполитикцәа рымацара рыхшыҩ азхаӡом, ара абри апроблема здыруа аспециалистцәа, афилологцәа, алингвистцәа ражәа аҭахуп», - иҳәеит Аҧсны Ахада.
Аслан Бжьаниа иҳәеит ари азҵаара иазкны иаарласны аспециалистцәа еизигарц шиҭаху.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ареспубликаҿы ақыҭанхамҩа активла аҿиара мҩаԥысуеит, уи иазоужьхоит абиуџьеттә малқәа рнаҩсгьы хазхаҭалатәи аинвестициақәагьы. Абри атәы иҳәеит Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҿы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Хышықәса рыҩныҵҟа ақыҭанхамҩа арҿиаразы ахықәкытә программа анагӡара иазоужьхеит 300 млн. мааҭ. 2024 шықәсатәи атәыла абиуџьет аҿы иарбоу ахықәкқәа рынагӡаразы иазԥхьагәаҭоуп 150 млн. мааҭ. «Ҳара иҳамоуп имаҷымкәа инагӡоу апроектқәа. Ублала иубар алшоит ана-ара апроектқәа рынагӡара шымҩаԥысуа. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ақыҭанхамҩа ашҟа инеиуа иалагеит имаҷымқәа аԥаратә малқәа, уи аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи мацара акәымкәа, Урыстәылатәи Афедерациа абанкқәа рыдгыларала альготатә кредитқәа рзоужьра аҳасабалагьы имҩаԥысуеит», – иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Иара ҿырԥштәыс иааигеит Очамчыра араион Кәтол ақыҭа. Араҟа аинвестициақәа рымҽхак иааизакны 1,4 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Уи –100 гектарк инареиҳаны аӡахәаҭрақәа, иара убас зыргылара иаҿу аҩыҟаҵарҭатә зауади амилаҭтә чысқәа рқьафурҭеи. «Ари апроект даара аинтерес аҵоуп. Аҳәынҭқарра уи адгылара анаҭеит, 800 млн. мааҭ кредит ҳасабла иазоунажьит. Аҩыҟаҵарҭатә зауади ақьафурҭеи раартра азԥхьагәаҭоуп ҳазҭоу ашықәс нанҳәамза 15 рзы. Уи Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа аҿиаразы акырӡа аҵанакуа иҟалоит. Сара агәра ганы сыҟоуп, ари аҭыԥ Аԥсны иаҭаауа асасцәа рацәаны ишаднаԥхьалало. Сгәаанагарала, ари ииашаны ирхәыцыз, ианаамҭоу иаԥшьыргаз проектуп», – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Даҽа проект дук анагӡара мҩаԥысуеит Гәылрыԥшь араион аҿы, ахатәы инвестициақәа рыла ԥыхьатәи асовнхара «Кохора» аҿы ацитрустә плантациақәа реиҭашьақәыргылара иаҿуп. Гал араион аҿы анагӡара иаҿуп апроект ду. «200 тонна инареиҳаны аԥсыӡ аалыҵ роуит Галтәи аӡеизакырҭа аҿы. Ара ирааӡоит акалмаҳа, аԥсыӡкәтаӷь ҟаԥшь ҭрыжьуеит. Анаплакы анаҩсгьы аҿиара иаҿызаауеит, ҳаргьы уи ацхыраара аҳҭоит», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аслан Бжьаниа жәаҳәарада еиликаауеит ас еиԥш иҟоу апроект дуқәа рынагӡараан ауадаҩрақәа цәырцыр шалшо. «Сара апроектқәа зегьы акыр аҵанакуеит ҳәа исыԥхьаӡоит, аҳәынҭқарра есымша аус аҟаҵара зҽазызшәо ауаа ацхыраара рыҭара иазхиазаауеит. Урҭ атәыла Ахадеи анапхгареи рҟынтәи адгылара роуеит», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Аҵыҵындра ҳәа изышьҭоу аарыхра – Аԥсны азы иҿыцу қыҭанхамҩатә хырхарҭоуп. «Аҵыҵындра ҳара ҳзы иҿыцу культуроуп, аха уи Урыстәылеи Аԥсни рџьармыкьақәа рҿы акыр изыдҵаало, ахархәара зауа культуроуп. Ари апроект есышықәса иаҳа-иаҳа аҽарҭбаауеит, уи, жәаҳәарада, уамеигәырӷьар залшаӡом», - иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.
Гәылрыԥшь араион аҿы аусура иалагеит аԥаҭлыкақәа ирҭоу аӡыржәтә ҭзыжьуа азауадгьы.
«Иарбоу апроектқәа рынагӡаразы иалагалаз аинвестициақәа рзеиԥш хышәа-ҵышәа 5 миллиард мааҭ иреиҳауп. Хыԥхьаӡара рацәала аусуратә ҭыԥқәа цәырҵуеит. Ҳқыҭақәа рҿы имаҷымкәа иҟоуп аусурҭада иаанхаз ауаа. Ас еиԥш анаплакқәа рыҟазаара ауаа иааиԥмырҟьаӡакәа иахьынхо усуратә ҭыԥла реиқәыршәара алнаршоит», – иҳәеит Аслан Бжьаниа.
«Аԥсны идыргылоит, ирҭиуеит апартаментқәа, аха уи иахьа иҟоу аԥҟарақәа рыла ауп ишымҩаԥысуа, убри аҟнытәи аоппозициа ауаа рырҩашьаразы имҩаԥнаго аусмҩаԥгатәқәа ахәҭаны иҟам ҳәа исыԥхьаӡоит». Абри атәы Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Уби аан, уи инаҵшьны иазгәеиҭеит «иахьа иҟоу аԥҟарақәа инагӡаны игәылыршәам, ари зегьы раԥхьаӡа иргыланы абизнес ауп. Апартаментқәа рыргылареи урҭ рыҭиреи иахьа Аԥсны абиуџьет ахь изеиԥшразаалак ахашәалахәы ҳәа акгьы нанашьҭӡом. Апартаментқәеи апарт-отельқәеи рзакәантә шьаҭа аҭышәынтәаларазы азакәан иарбазароуп апартаментқәа знапаҿы иҟоу аԥшәмацәа рмазаразы ашәахтә. Уи аҟнытә, иааиуа амалқәа хықәкылатәи абиуџьеттә фонд аҟны еизгахарц, уи ҷыдала Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рыбзазара аиӷьтәра иазырхазарц.
«Убри аганахьала, инарҵауланы, наука бызшәала ҳалацәажәар сҭахуп. Зегьы реиԥш, саргьы азҵаара сахӡыӡаауеит, – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада азакәанԥҵаратә аԥшьгара аҳасабала Жәлар Реизара-Апарламент ахь иалеигалаз «Апарт-отельқәеи апартаментқәеи рзакәантә шьаҭа аҭышәынтәаларазы» азакәан апроект акәзар, уи Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, «аиҭакрақәа алагалазарц алшоит; уаҟа апараметрқәа еиҭарыхәаԥшзар, агеографиа еиҭахәаԥшзар ҟалоит, аха уи иааизакны аусхк аҿиара, ҳекономика иҭышәынтәаланы аҿиара иацхраауа зегьы реиҳа ихадоу аусхк ауп».
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аларгара иаауа атуристцәа рхыԥхьаӡара иацнаҵоит, уи инамаданы, жәаҳәарада, аԥсшьаҩцәа здызкыло аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара аизырҳара азҵаара ықәгылоит. «Иаҳзаауада, ҳара аԥсшьаразы зегьы рыла иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥаҳамҵар? Ҳаппонентцәа лассы-лассы адгьылқәа рхархәаразы аҽԥныҳәақәа ҳарҭоит. Иаагозар, зҵакыра 300 нызқь гектар инарзынаԥшуа Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа – Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа. Иарбоу апроект анагӡаразы иаҭаххоит 100 - 150 гектар адгьыл. Аппозициа ахаҭарнакцәа ажәлар рыхәҭак ари апроект хәарҭа алам, уимоу иаҳԥырхагоуп ҳәа агәра ддыргеит. Аха аус аҿы уи хра злоу проектны иҟоуп. Ари еиҭамҵуа амазара аазхәало ауаа, ҳара ҳахь иааны ҳекономика аҿиара иацхраалоит, ҳбиуџьет ахь ашәахтәқәа аларгалалоит. Арҭ ахашәалахәқәа ашколқәеи ахәышәтәырҭақәеи рыргылареи реиҭашьақәыргылареи, ҳхәыҷқәа рыкрыфареи, реилаҳәареи, реизҳазыӷьареи рзы ҳҳәынҭқарра алшарақәа ишиашоу ианыԥшуеит. Ашәахтәшәаҩцәа аҳәынҭқарратә биуџьет ахь иаларгало ашәатәқәа шьҭыҵуеит, убри аан урҭ изеиԥшразаалак аполитикатә зинқәа роуӡом. Апартаментқәа раахәара Аԥснытәи атәылауаҩра акала иадҳәаланы иҟам», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
«Сара Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас сыҟанаҵы, уи Аконституциа ахьчара ҭакԥхықәрас исыднаҵы, адгьыл аҭира аганахьала изакәызаалак алацәажәарақәа залыршахом. Сусура зегьы ҳхәыҷқәа иахьрызҳаша, иахьынхаша Ҳаԥсадгьыл аҿиара, уи аԥеиԥш бзиа ашьақәыргылара иазкуп. Уаҳа даҽа мҩакгьы ҳамаӡам!» - аҳәамҭа ҟаиҵеит Аслан Бжьаниа.
Аслан Бжьаниа агәра ганы дыҟоуп апартаментқәа Аԥсны гәахәарыла ишаархәало Урыстәыла иқәынхо аԥсуаа ирзааигәоу ажәларқәа рхаҭарнакцәа – адыгаа, ачерқьесцәа, аҟабардақәа, ауаԥсаа. «Шәгәы ишԥаанаго, уи аиашьаратә жәларқәа реизааигәара иацымхрааӡои? Ҳара урҭ еиҳа лассы-лассы иаҳбалоит. Уахьгьы-анахьгьы аҭаацәарақәа аԥырҵар, ҳаиниалар, аусеицуреи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәеи ҳабжьалар, уи хра злоу усӡами нас? Ҳкультуреи ҳмилаҭтә хаҭашьареи ирзеиӷьӡами уи?» – ахәҭакахьала азҵаарақәа ықәиргылеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Урыстәыла Украина имҩаԥнаго иҷыдоу арратә операциа Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа акала ирԥырхагамхаӡеит.
«Урыстәыла Аԥсны адгылара аҭара, асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аганахьала ахахьы иагаз ахыдҵақәа зегьы рынагӡара алыршахоит», - Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҿы абас иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада агәра ганы дыҟоуп, Урыстәыла уажәы изхысуа аԥышәарагьы ишахәҭоу ала, иааирала ишахысуа. «Сара агәра ганы сыҟоуп, иҷыдоу арратә операциа иааирала ишхыркәшахо», - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, иҷыдоу арратә операциа амҩаԥгара инадҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иаҳнарбеит ҳаԥхьаҟа иалкаау аидгыларақәа раԥҵара акыр аҵакы шаиуа.
«Ари адунеи аҿы хазы аҟазаареи хазхаҭала аполитика амҩаԥгареи зылшо аҳәынҭқаррақәа зынӡа имаҷхоит. Ахатә политика амҩаԥгаразы иазхо аресурсқәа аҳәынҭқаррақәа зегьы ироурым. Уажәы имҩаԥысуеит, ус иуҳәар ҟалозар, изаамҭанытәиу аихшара. Иҟоуп европаа, зхатә хәыцшьеи, зхатә хықәкқәеи змоу. Ҳара ҳаҭыр ақәаҳҵоит Европатәи акультура, аӡәырҩы уи ибзианы ирдыруеит, аха уажәы зыӡбахә ҳамоу аклассикатә европатәи акультура акәӡам. Уажәы ҳазлацәажәо, Европеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи, Урыстәылеи уи иадгыло атәылақәеи ргәаанагареи рҭахрақәеи ақәыӷәӷәаратә ҟазшьа аманы рыдцаларазы имҩаԥырго аҽазышәарақәа ртәы ауп», – адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьа дахцәажәо, иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.
Атәылақәа жәпакы Аԥсны ахьыԥшымра шазхарымҵогьы, Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аиҩызаратәи аидгыларатәи аизыҟазаашьақәа аринахысгьы ишыӷәӷәахо, насгьы уи Аԥсны аҳәынҭқарратә шьақәгылареи аекономикеи рырӷәӷәара ишацхраауа азы агәра ганы дыҟоуп.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҿы В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» ареконструкциеи аусура аларгареи ирызку апроект ду анагӡара атәы далацәажәеит. «Ҳара уаанӡа аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара еиԥш иҟоу апроект ду анагӡара аԥышәа ҳамаӡамызт. Убри аҟнытә, ауадаҩрақәа цәырҵуеит, жәаҳәарада, аха ӡбашьа змам акгьы ыҟаӡам», – иҳәеит иара.
Аҳәынҭқарра Ахада агәра ганы дыҟоуп, «30 шықәса раахыс ус игылоу Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза «Аҟәа» ареконструкциа Аԥсны аҳәынҭқарразы акрызҵазкуа, аҭоурыхтә ҵакы змоу апроектқәа иреиуоуп. Аҳаиртә баӷәаза ареконструкциа анхыркәшахалак анаҩс, жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәшәо иҟалоит, еиуеиԥшым аҳаирплан хкқәа аднакылоит. Ари аҩыза аинвестициатә проект анагӡара атәылауаа транспортла реиқәыршәара, иара убас аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара аизырҳара, атәыла аекономикатә ҿиара ӷәӷәала ацхраара алнаршоит.
Иара убас, Аҳәынҭқарра Ахада атуристцәа рыдкылара аобиектқәа рыргылара азҵаарагьы ахшыҩзышьҭра аиҭеит. «Асасааирҭатә бизнес аҿы иалагалаз аԥарақәа рырхынҳәаразы 10 -15 шықәса инарзынаԥшуа иаҭаххоит. Ас еиԥш иҟоу афинанстә модель зегьы ирнаалаӡом. Ҳара иарбоу ахырхарҭала активла аус ҳамур, усҟан ҳтәылаҿы ӷәӷәала аҿиара иаҿу атуристтә усхкы ҳауӡом. Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭагылазаашьа акыр еиӷьхеит, уи угәы иаамыхәар залшаӡом», – иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Акьыԥхь иазирхиеит
Б.Қаџьиа