Print this page

Рҵара ахәԥса ршәоит

Мшаҧы 08, 2024 127

Амедицинатә ҵараиурҭа иҭаларан иҟоу рҵара ахәԥса ршәоит. Гагратәи араионтә хәышәтәырҭаҟны аусура иалагозар ҳәа алаҳәара ҟарҵеит Гагра араиони араионтә хәышәтәырҭеи рнапхгара.
Ахәышәтәырҭаҟны азанааҭ ҷыда иазку аусзуҩцәеи амедеиҳәшьцәеи даара имаҷхо ишалагаз азгәарҭеит араионтә хәышә́тәырҭаҿы.
Амедицина ашҟа аҿар рхьа­рԥшраз иазхиоуп рынхарҭа ҭыԥи рҵараиурҭеи ахәԥса ашәара. Асеиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рыбзоурала 2023 шықәсазы аԥхын Гагратәи араионтә хәышәтәырҭаҟны аус иуан Тҟәаԥсынтәи ахирург қәыԥш.
2023 ш. иалагӡаны амҩатә машьынатә машәырқәа ирыхҟьаны араионтә хәышәтәырҭахь иааган згәабзиара ашәарҭара иҭагылаз 221-ҩык ачымазаҩцәа. Урҭ рахьтә 8-ҩык ииаган егьырҭ ахәышәтәырҭақәа рахь. Зынӡа ҵыԥхтәи ашықәс иалагӡан ахәышәтәырҭахь имҩахыҵит 60 нызқьҩык ауаа. Араион аиҳабыра ахылаԥшра ӷәӷәа арҭоит ахәышәтәырҭаҟны аусзуҩцәа ахьазымхо азҵаара аӡбара.