Аиқәшаҳаҭра аҵарадырра аусхкы аҟны ҩганктәи аусеицура еиуеиԥшым ахырхарҭақәа азԥхьагәанаҭоит. Уи инақәыршәаны, аганқәа анаукатә конференциақәа реицынагӡареи реицымҩаԥгареи рзы агәҭакқәа рымоуп: аԥсуа жәлари акитаи жәлари рыбжьара аҵарадырреи егьырҭ аусхкқәеи рҿы аусеицура аҿиара ацхыраара аҭара; анаукатә форумқәеи асеминарқәеи рылахәра, иара убас аҵара апроцесс аҳәаақәа ирҭагӡаны арҵаҩцәа, аспирантцәа, амагистрантцәа, астудентцәа рыла аимадара.
Аилазаара «Евразиа» аусура ахырхарҭақәа рахь иаҵанакуеит: еиуеиԥшым аусбарҭақәеи аилазаарақәеи аинформациатә цхыраара рыҭара; азеиԥш еимадара ашьақәыргылара; ахәаахәҭра-економикатә усура; аҵарадырра; аџьармыкьатә ҭыԥыркра.
Аилазаареи, Китаитәи Жәлартә Республика анапхгареи, иара убас ауаажәларратә еиҿкаарақәа жәпаки, Китаи, Урыстәылатәи Афедерациа, Аԥсны, Евразиатәи атәылақәа рҿы аус зуа аҵараиурҭақәеи аусеицуратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп.