Print this page

Аӡәы ихныҟәгаразы

Жәабран 23, 2024 111

Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса инаркны Аԥсны аусура зылшо аӡәы ихныҟәгаразы ахарџьқәа 11 072,4 мааҭ рҟынӡа инаӡеит, – адырра ҟанаҵоит Аԥсны астандарт азы Аҳәынҭқарратә еилакы.


Ахныҟәгаратә минимум ахь иаҵанакуеит:
- афатә-ажәтә тауарқәа – 7.573,5 мааҭ,
- абзазара-ааглыхратә уҳәа егьырҭ атауарқәа – 2.170,2 мааҭ,
- зыхә ршәо амаҵзурақәа, ашәахтәқәа, егьырҭ ихымԥадатәиу ашәатәқәа – 1 328,7 мааҭ.
Ахныҟәгаратә минимум аҩаӡара иҳаҩсыз ашықәс азы аиԥш-зеиԥшу аамҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар 15,2% рыла иазҳаит.