Print this page

С.У.Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра азгәаҭаразы

Жәабран 16, 2024 72

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, Аԥсны Аҩбатәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа, «Ахьӡ-Аԥша» аорден  І аҩаӡара занашьоу Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкны агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рзы Аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба напхра зиҭо Аҳәынҭқарратә комиссиа иалоуп:  

Кәарҷиа А. А. – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы;

Бигәаа Б. В. – Очамчыра араион ахада;

Смыр Д. Г. –  Аԥсны акультура аминистр аамҭала инапынҵақәа назыгӡо;

Ешба Б. Ф. – Аҟәа ақалақь ахада;

 Амҷба А. В. –  Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭа ахада;

Багаԥшь З. С. –  Багаԥшь С.У. иԥа;

Агрба Е. Е. –  Аминистрцәа Реилазаара Аппарат агуманитартәи асоциалтәи азҵаарақәа рзы Аусбарҭа анапхгаҩы (акомиссиа амаӡаныҟәгаҩ).