Print this page

Зегьы ирыцку

Жәабран 15, 2024 46

Аҟәатәи аҿкы хәышәтәырҭа аҳақьым Гәдиса Шларба иажәақәа рыла есыҽны ахәшәтәырҭа иадҵаалоит зшоура 39-40 рҟнынӡа ихало 70-ҩык рҟнынӡа ауааԥсыра. Урҭ рахьтә аиҳараҩык «агрип А» ҳәа изышьҭоу ачымазара ауп изыргәамҵуа.


Рхыԥхьаӡара рацәаҩымзаргьы иҟоуп аҿкы (коронавирус) зцәа иалоу.
Иахьазы ахәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп 20-ҩык ахәыҷқәеи 7-ҩык аиҳабацәеи.
Аҳақьымцәа разԥхьагәаҭарақәа рыла «агрип А» зыхьуа еиҳараӡак ахәыҷқәа роуп, убриаан «акороновирустә ҿкы» рықәраҟны изыхьуа еиҳа имаҷуп.
Аҳақьым Гәдиса Шларба иазгәеиҭеит убасгьы: «агрип А» зыхьыз ишақәнагоу хшыҩзышьҭра анарымҭалак ауп аҽанарцәгьо. Убри ҟамларц, ахала аҽыхәшәтәра акәымкәа, ахьҭа алалара зхы иадызбалаз иаразнакы аҳақьымцәа рахь дыдҵаалар, аамҭакьаҿла агәабзиара ашьақәыргыларазы еиҳа ииашоуп» ҳәа.
Агәыцқьара шәыгымзааит! Шәхы шәацклаԥшла!