Print this page

Адныҳәалара

Ажьырныҳәа 30, 2024 56

Аԥсны Аҳәынҭқарра аамҭала акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр Аԥсны жәлар рартист Сергеи Семион-иԥа Габниа ииубилеи идылныҳәалеит:

  «Ҳаҭыр зқәу Сергеи Семион-иԥа! Гәык гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеи – 85 шықәса шәхыҵра! Зыԥсҭазаара зегьы аԥсуа сцена иазызкыз, шәара алагала ду ҟашәҵеит аԥсуа театртә ҟазараҟны. С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиор иаҳасаб ала шәара иаԥышәҵеит ахаҿсахьақәа рацәаны еиуеиԥшым ақәыргыламҭақәа рҟны – «Али Беи», «Ахрашәа», «Сеидыҟ», «Кьоџьаа рҭыӡшәа», «Махаз», «Аҽшьҩы» уҳәа убас егьырҭгьы. Иара убас қәҿиарала акино аҟынгьы арольқәа маҷымкәа инашәыгӡахьеит. Шәџьабаа ахә шьо, шәара ишәыхҵоуп «Аԥсны жәлар рартист» ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, аманшәалара, ақәҿиара дуқәа ҩаԥхьагьы! Шәҭаацәеи шәареи шәеигымхааит! Шьардаамҭа шәҳагымзааит!».