Print this page

Аиҭашьақәыргылаҩцәа аусура иалагеит

Ажьырныҳәа 30, 2024 57

Ацәыргақәҵарҭатә зал хада ахыбраҿы абылра иацәынхаз аҭыхымҭақәа еилдыргоит Урыстәылатәи Афедерациа акультура аминистр Ольга Лиубимова лнапынҵала Урыстәылантәи иааз аиҭашьақәыргылаҩцәа ргәыԥ.
Аделегациа напхгара алҭоит Урыстәыла акультура Аминистрра амузеиқәеи адәныҟатәи аимадарақәеи Рдепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Наталиа Чечель.


«Напы аҳаркит аҭыхымҭақәа рҭҵаареи изеиԥшроуи рыла. Иагьеилаҳкаауеит аиҭашьақәыргылара ирласӡаны изҭаху, иара убас ҳҿаԥхьа ишьҭоу аусура ахкқәагьы шьақәҳаргылоит», – лҳәеит лара.
Чечель лажәақәа рыла, абылра иацәынхаз ҭыхымҭақәак инагӡаҵәҟьаны еиҭашьақәургылар алшоит.
«Ҳара ҳааит шәыгахәшала иҟаҵоу аҿыханҵа аганахьала аспециалистцәа ҳаманы. Хьыӡҳәала убри ала иҟаҵоу, иҭыху асахьақәа роуп зегь реиҳа ааха зауз. Ҳаспециалистцәа зегьы амца зыцрасыз аусумҭақәа аус рыдулашьазы аԥышәа рымоуп. Аусурақәа мҩаԥгатәуп зыԥшрак ҳәа ҟамҵакәа, ус анакәымха рҽеишьа змам ҟаларгьы ауеит», – иацылҵеит лара.
Москва Ҳаҭыр зқәу аиҭашьақәыргылаҩ, аиҭашьақәыргылара Аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә институт аҿыханҵа ахырхарҭа анапхгаҩы Мариа Чуракова иазгәалҭеит, иаҳа ааха зауз аҭыхымҭақәа рыхәҭак Москвеи Санкт-Петербурги аиԥш-зеиԥшу русҳәарҭақәа рахь ишырышьҭуа.
Грабар Ицентр асахьаҭыхҩы-­аиҭашьақәыргылаҩ Антон Трофимов еиҭеиҳәеит дара рцентр абылра ахҟьа-ԥҟьақәа ишрыниахьоу.
«Ҳара абас еиԥш иҟоу апроблемақәа ҳбахьеит, иаадырхьеит урҭ рҭыԥ рықәҵашьа азнеишьа», – иҳәеит иара.
Акультура Аминистрра аделегациа аилазаара иалоуп Третиаковтәи агалереиеи, Аурыс музеии, Грабар ихьӡ зху Ацентри, Аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә институти аиҭашьақәыргыларазы рҟәшақәа реиҳабацәа.
Ацәыргақәҵарҭатә зал хада ахыбра аҩбатәи аихагылаҿы иҟан Амилаҭтә сахьатә галереиа афондқәа ԥшьнызқь екземплиар инареиҳаны. Убырҭ рхыԥхьаӡараҿы – Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе иусумҭақәа 300 рҟынӡа. Ианвар 21 ауха амцакра иалаблит афонд зегьы. Еиқәхеит аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рҭыхымҭақәа 200 раҟара.