Print this page

«Ерцахә» иазгәанаҭеит ҩ-иирамшк

Лаҵара 26, 2023 171

Лаҵарамза 17 рзы Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармо­ниаҿы имҩаԥысит Очамчыра ақалақь аҟынтәи иааз жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль «Ерцахә» аҳасабрбатә концерт.

  Еицырдыруа ансамбль абзиабаҩцәа рнаҩс, Аԥсны иаҭааз асасцәа злаз ахәаԥшцәа идырбан иԥшӡоу, акыр аемоциа зныԥшуа амузыкатә номерқәа. Акәаша­рақәа – аԥсуа, ауаԥс, «Нарҭаа рыкәашара», «Ашарккара» уҳәа егьырҭ рыбжьара – адирижиор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Аахыҵ-Уаԥстәыла зҽаԥсазтәыз артист Нодар Кәарҷиа инапхгарала инагӡаз ахор ашәаҳәарақәа дырбан. Сынтәа аколлектив иахыҵит 49 шықәса. Ансамбль аҟазара рбахьеит Ҭырқәтәыла, Румыниа, Иугославиа, Урыстәыла уҳәа атәылақәа рҿы. Иахьа ансамбль «Ерцахә» аилазаараҿы иҟоуп 50-ҩык артистцәа. Ансамбль дахагылоуп асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Аахыҵ-Уаԥстәыла зҽаԥсазтәыз артист, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу Вианор Ҷыҷыкәа-иԥа Логәуа.

Ари амш аҽны Вианор Логәуа ҩынтәны адныҳәаларақәа идикылон. Избан акәзар, аконцерт амҩаԥгара арыцхәи иара иирамши еиқәшәеит. Ансамбль «Ерцахә» ашҟа артист ааԥхьара иоуит 2008 шықәсазы. Убри инаркны Вианор Ҷыҷыкәа-иԥа акәашарақәа рықәыргылареи акостиумқәа рдизаин аиқәыршәареи инапы рылакуп.    

«Ансамбль «Шьараҭын» аҿы санықәгылоз аамҭазы, сара Европа атәылақәа жәпакы рҭааразы алшара соуит. Убри аҟнытә изҿурԥшыша ыҟан. Исгәаԥхоит Испаниатәи, Италиатәи акәашарақәа, аха Кавказтәи акәашара сара зегьы раасҭа исзааигәоуп. Кавказ – аԥшӡареи аҳаҭырқәҵареи символра руеит. Сгәаанагарала, ҳаамҭазы асценаҿы жәлар рыкәашара анагӡара – ари ҳажәларқәа ашәышықәсақәа рыла еизыргоз, еиҷаҳаны, еиқәырханы ҳара ҳҟынӡа иааргаз иреиӷьу жәлар ртрадициақәа, рфольклор шеиқәырхахо ауп иаанаго», – иҳәеит Вианор Логәуа.