Print this page

Москва иҟазаараан

Лаҵара 26, 2023 131

Урыстәыла агәабзиа­рахьчара Аминистрраҿы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Виктор Фисенкои реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Виктор Фисенкои Едуард Быҭәбеи агәабзиарахьчара иадҳәаланы аҩганктәи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.  Иалацәажәеит иара убас иааиуа акурорттә сезонгьы. Урыстәылатәи аколлегацәа ихадоу азҵаарақәа зегьы рыла ацхыраара аҭара ишазхиоу азгәарҭеит. Виктор Фисенко аԥхын аспециалистцәа реиҭныԥсахлареи Урыстәылатәи аҳақьымцәа-аинфекционистцәеи апедиатрцәеи Аԥснытәи амедусбарҭақәа рышҟа раашьҭреи хырҳара злоу ԥышәаны иԥхьаӡоит ҳәа иазгәеиҭеит. Иара Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аимабзиаратә еизыҟазаашьақәеи агәабзиарахьчара аусхкы аҿы ҩганктәи аусеицуреи рыҿиара иаҵоу аҵакы инаҵшьны иаликааит.