Print this page

Агәраргагатә шәҟәқәа идикылеит

Лаҵара 26, 2023 132

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла иҟоу, иара убас аилагӡарала Аԥсны иҟоу Венесуела ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Хесус Рафаель Саласар Веласкес иҟынтәи агәраргагатә шәҟәқәа идикылеит.

Аҳәынҭқарра Ахада ацҳаражәҳәаҩ бзиала уаабеит ҳәа иеиҳәеит. «Шәара Аԥсны Венесуела аинтересқәа ахаҭарнакра азура иадҳәалоу аҳаҭыртә, аҭакԥхықәра зцу амиссиа анагӡаразы анапынҵа шәымоуп. Шәара шәусура еиуеиԥ­шым аспектқәа: аполитикатә, ахәаахәҭра-економикатә, агуманитартә, иара убас, раԥхьа инаргыланы, ҳҳәынҭқаррақәа рыжәларқәа рыбжьара аимадара абжьаҵара ирыдҳәа­лахоит», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.  

Аҳәынҭқарра Ахада, аҳәынҭқаррабжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҭоурых ахы ыҵнахит цәыббрамза 10, 2009 шықәсазы, усҟан Венесуела Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит ҳәа иазгәеиҭеит. «Ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи рзы аҵак ду амоуп Венесуела аганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра азхаҵара», – иҳәеит Аслан Бжьаниа. Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Ахада Уго Чавес Фриас Аԥсны азхаҵараҟны илагаламҭа. «Аԥсны жәлар ҳаҭырла дыргәаладыршәоит Венесуела ажәлар рҵеи иаша, раԥхьагыла Уго Чавес Фриас», – ҳәа иҳәеит иара. Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа Венесуела иаартын 2010 шықәсазы, уи атәыла аполитикатә, адипломатиатә, акультуратә ԥсҭазаара активла ахы аланархәуеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара ҳусеицура есааира аҽарӷәӷәоит. Адунеи аҿы уажәы имариам аҭагылазаашьа шьақәгыланы иҟоуп. Убри инамаданы ҳтәылақәа рыбжьара ҩганктәи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара ҷыдала аҵак ду аҵоуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Ацҳаражәҳәаҩ Хесус Рафаэль Саласар Веласкес Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа иеиҳәеит асасдкыларазы. «Иахьатәи аусмҩаԥгатә сара сзы ҭагылазаашьа бзиоуп ара аҟазааразы, Аԥсны жәлар ҳаҭырла ҳшырзыҟоу аарԥшразы. Ҳара ҳдипломатиа ажәларқәа ахатәҳәаақә­ҵаразы ирымоу азин ҳаҭыр ақәҵара иазкуп», – иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ. Иазгәеиҭеит аԥхьаҟагьы аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рырҿиареи дышрықәгәыӷуа. «Ара сара аҩны сыҟоушәа збоит», – иазгәеиҭеит иара. «Сара Карибтәи адгьылқәа рҟынтәи, ҳҳәынҭқарра ахада Николас Мадуро Морос, атәыла анапхгареи Венесуела ажәлари рҟынтәи асалам шәзаазгеит. Цәыббрамза 10, 2009 шықәса аҩганктәи аизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы акыр зҵазкуа аҭоурыхтә хҭысны ҳгәалашәараҿы иаанхоит», – иҳәеит Ацҳаражәҳәаҩ. Иазгәеиҭеит, иара изы, Уго Чавес ишьҭрақәлаҩ, иҵаҩы иаҳасабала, араҟа аҟазаареи Аԥсны иҟоу ацҳаражәҳәаҩ иҭакԥхықәра анагӡареи ҳаҭыр дуны ишыҟоу.

Агәраргагатә шәҟәқәа реимдара иазкыз аныҳәатә церемониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба.