Print this page

Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра – 30 шықәса

Лаҵара 26, 2023 135

 

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара 30 шықәса ахыҵра иазкны аныҳәатә еилатәара мҩаԥысит Аминистрцәа Реилазаара аконференц-зал ахыбраҟны.

  Аилатәара ааиртит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Уи асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи адипломатиатә маҵзура аусзуцәеи риубилеи рыдиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Инал Баҭу-иԥа, ҳаҭыр зқәу адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуцәа! Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30 шықәа ахыҵра. Аԥсуа дипломатиатә маҵзура акыр иуадаҩыз, аинтерес зҵаз ашьақәгылареи аҿиара амҩеи ирнысит. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵан аибашьра ашыкьымҭазы, 1993 шықәса лаҵарамза 17 рзы. Амацәаз ҳанҭакыз, аекономикатәи аполитикатәи блокада аныҟаз, Қырҭтәыла аганахь ала ақәыларазы аҽазышәарақәа анцоз, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра имариамыз адәныҟаполитикатә усура мҩаԥнагон. Есаамҭа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иаԥсаз анапхгаҩцәа аман. 30 шықәса раахыс Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра қәҿиарала Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитикатәи интересқәа рыхьчаразы анапы иану аусура мҩаԥнагоит. Ҷыдала аҵак ду змоу алагаламҭа ҟанаҵеит Урыстәылеи Аԥсни реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиараҟны. 2008 шықәсазы ҳтәыла аҭоурых аҟны акрызҵазкуа ахҭыс ҟалеит – Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхарҵеит Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ атәылақәа жәпаки».

Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, Аминистрра алагаламҭа дууп жәларбжьаратәи аренаҿы Аԥсны адәныҟаполитикатә позициа арӷәӷәара аус аҟны. Аҵак ду змоу абри амш аҽны Аҳәынҭқарра Ахада адәныҟаполитикатә усбарҭа аусзуҩцәа зегьы ирзеиӷьаишьеит агәабзиара, аизҳазыӷьара, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала адипломатиатә усураҟны аихьӡарақәа!

Аԥснытәи иколлегацәа дрыдны­ҳәалеит иара убас Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров: «Ҳаҭыр зқәу Инал Баҭу-иԥа, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлективи хаҭала шәареи гәыкала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра 30 шықәса ахыҵра Амш. Шәара шәнапхгарала адәныҟаполитикатә усбарҭа қәҿиарала имҩаԥнагоит жәларбжьаратәи аренаҟны атәыла апозициа арӷәӷәаразы аусурақәа. Ҷыдала иазгәасҭоит аԥсуа дипломатцәа рзанааҭтә ҩаӡара, ҳминистррақәа рыбжьара иҟоу аизыҟазаашьа бзиақәа. Агәрагара сымоуп, Урыстәылеи Аԥсни рыжәларқәа реиҩызареи рышәҭыкакаҷреи, арегион аҿы ашәарҭадареи аҭынчреи рыхьӡала ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы ишырӷәӷәахало», – иазгәаҭоуп иааишьҭаз адныҳәа­лараҿы.

Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Аԥсны адәныҟапо­литикатә усҳәарҭа хада напхгара арҭон Саид Ҭаркьыл, Сократ Џьынџьал, Леонид Лакер­баиа, Константин Озган, Игор Ахба, Сергеи Шамба, Мақсим Ӷәынџьиа, Виачеслав Чыргба, Даур Ақаҩба.