Print this page

Аҧсны Аминистрцәа Реилазаараҿы

Нанҳәа 09, 2022 319

Ааигәа имҩаҧысыз Аҧсны Аминистрцәа Реилазаараҿы ақәҵара рыдыркылеит "Мызктәи ауалафахәы еиҵаӡоу ашәага-зага ашьақәыргыларазы". Ақәҵара апроект налгеит Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган. Мызктәи ауалафахәы еиҵаӡоу ашәага-зага шьақәыргылоуп 10 000 мааҭ рыла. Ақәҵара абри апункт иаҵанакӡом аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа, аҳәынҭқарратә напхгара аусбарҭақәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, абиуџьеттә усҳәарҭақәа, аиҿкаарақәа, Аҧсны абиуџьеттә система абиуџьетқәа рмалқәа рыла ҧарала еиқәдыршәауа.

Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи Рминистрреи афинансқәа Рминистрреи 2024 шықәса ианвар 1 азынӡа иаздырхиароуп, Аминистрцәа Реилазаара ахәаҧшразы инаргарц ауп хыхь еиқәыҧхьаӡоу аусбарҭақәа руалафахәы ашьҭыхразы иаҭаху ахарџьқәа рхыҵхырҭақәа. Ақәҵара амч аиуеит 2023 ш. ианвар 1 инаркны.

Иара убас Аминистрцәа Реилазаара ишьақәнарҕәҕәеит зыҿҳәара кьаҿу хықәкылатәи апрограмма "Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы имаҷуи ибжьаратәуи анападкылара адгыларазы". Уи налгеит Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган. Апрограмма ҧарала аиқәыршәара иахыҵхырҭахоит Ареспубликатә биуџьет амалқәа 50 миллион мааҭ. Убарҭ рахьтә идәықәҵахоит: жәлар рнапҟазаразы – 5 миллионк мааҭ, атуризм – 15 миллион мааҭ, азеиҧш крыфарачара – 5 миллионк мааҭ, иласуи афатәи ааглыхрахь, убрахь иналаҵаны ача аҭыжьразы – 20 миллион мааҭ, ахәқәа аҳәынҭқарраҿы рышьақәыргыларазы азакәан иҳәаақәнаҵауа анефттә аалыҵқәа рыҭиразы – 5 миллионк мааҭк. Апрограмма нагӡахоит х-етапк рыла.

Аминистрцәа Реилазаараҿы ирыдыркылеит "Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара арезервтә фонд амалқәа ахрархәаразы" ақәҵарақәа ҩба. Урҭ рпроектқәа неигеит Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба. Афинансқәа Рминистрра арезервтә фонд амалқәа дәықәнаҵоит уаҩ дыззыҧшым арҽеира- еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаҧгаразы. Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб аҩнуҵҟатәи аусқәа Риминистрреи, аҳәынҭшәарҭадара Амаҵзуреи, агәабзиарахьчара Аминистрреи, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрреи, аҳәааҿы аусура иаҿу егьырҭ аусҳәарҭақәеи рхаҭарнакцәа ирыдигалеит иоушьҭу аҧарақәа ирхымыҳәҳәакәа иаҭаху зегьы ҟарҵаларц. "Апроблемақәеи аманшәаламрақәеи маҷым, иаарласны убраҟа зегьы рҭыҧ иқәаҳҵароуп", – иазгәеиҭеит Анқәаб. Аминистрцәа Реилазаара арезервтә фонд аҟнытә 500 000 дәықәҵахоит Тҟәарчал араион Уақәым ақыҭан аӡиас арыцқьаразы. Гәдоуҭа араион Ахадара акультура аҟәша иазоушьҭхоит 650 000 мааҭ ахәыҷтәы ансамбль "Адац" Санкт-Петербург имҩаҧысуа жәларбжьаратәи афестиваль аҽалархәразы. Алеқсандр Анқәаб убри аҵыхәала иазгәеиҭеит иаалырҟьаны акгьы шыҟамлауа. "Убас иҟалоит, мышкы иалыршаны азҵаара аҭыҧ ақәҵара уаҩы ианиқәшәауа. Ахәыҷқәа ҳаргәаар ҟалаӡом, аха заанаҵы изыхәҭоу адырра рыҭалатәуп", – иҳәеит Анқәаб, акультура аминистр иахь ихы нарханы. 

Аминистрцәа Реилазаара аиҭакра аланагалеит "Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы алотереиақәа рымҩаҧгаразы аусура лицензиала аиқәыршәашьа Аҧҟара". Уи налгеит Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.

Иара убас Аминистрцәа Реилазаара ишьақәнаргылеит анаркотикатә хархәагақәеи апсихотроптә маҭәашьарқәеи раагареи (ргареи) рыҵәахреи рзы аҳәынҭқарратә квотақәа. Уи неигеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Аминистр иажәақәа рыла, ақәҵара ҿыц адкылара зхылҿиааз апрепаратқәа рсиа арҿыцреи арҭбаареи роуп. Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб иазгәеиҭеит ари даара акырӡа зҵазкуа теманы ишыҟоу. "Абарҭ ахәшәқәа ахьышьҭоу даара иахылаҧштәуп, иахьцо-иахьаауа алаҧш ахызароуп. Ари зныкымкәа ҳалацәажәахьеит. Иара убас, аҳақьым хадацәеи аҳақьымцәеи ҕәҕәала ргәырҽанҵатәуп. Сгәыҕуеит, убри аганахьала апроблемақәа ҳазцәырымҵып ҳәа", – иазгәеиҭеит иара.

Аминистрцәа Реилазаара ишьақәнаргылеит Донбасс арратә операциа ҷыда аан иҭахаз Киркинаӡе Ахра Шьалуа-иҧеи Смыр Лоран Руслан-иҧеи рҭаацәарақәа аамҭакалатәи асоциалтә цхыраара рыҭара. Киркинаӡеи Смыри рҭаацәарақәа аамҭакала ирызшәахоит 1 миллионк мааҭ. Абри инаҷыдангьы, Аминистрцәа Реилазаара ишьақәнаргылеит А.Киркинаӡеи Л.Смыри рҭаацәарақәа иҟоу ахыхь асоциалтә цхыраара рыҭара.

Аминистрцәа Реилазаара ишьақәнарҕәҕәеит "2022-2024  шықәсқәа рзы Аҧсны абиуџьеттә шәҟә арбареи аҳасабрбаҟаҵареи реиҭакразы" хықәкылатәи апрограмма. Апрограмма аус аднаулеит афинансқәа Рминистрра. Уи ауп нагӡаҩыс иҟоу, иара убас аҭакҧхықәрагьы здылауа. Апрограмма хықәкыс иамоуп атәыла абиуџьеттә закәанҧҵара адҵақәа ирықәшәауа Аҧсны абиуџьеттә шәҟәарбареи аҳасабрбаҟаҵареи иаку рсистема ашьақәыргылара. Абри ахықәкы алыршаразы рҭыҧ иқәҵатәуп абарҭ ауснагӡатәқәа: иаку азинтә, аметодологиатә, аинформациатә қәыҧшылара аҧҵара; абиуџьеттә процесс хырҳарала анапхгараҭара; аҧхьагылара змоу аинформациатә технологиақәа раларҵәарала ареспубликатәи, аҭыҧантәи абиуџьетқәа ирынагӡашьоу уаҩы ибо-иаҳауа аҟаҵара.

Аминистрцәа Реилазаара ишьақәнарҕәҕәеит ауааҧсыра рабџьари, амаҵзуратә бџьари, урҭ ирыцу апатронақәеи реикәыршара аҧҟарақәа. Урҭ неигеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба.

Аминистрцәа Реилазаара иалоу, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иреиҳәеит иахьазы акоронавирустә инфекциа ҭагылазаашьас иамоу. "Шәара ижәдыруеит адунеи аҿы убас аҭагылазаашьа ҟалеит, ковид ашьҭыҵра иалагеит. Рыцҳарас иҟалаз, Аҧсынгьы уи изацәымцеит. Уаанӡа ишәаҳҳәахьан уахыки-ҽнаки рыла ачымазара ҿкы зыхьуаз 23-ҩык шыҟаз, аиашазы, урҭ зегьы амбулаториала рҽырхәышәтәуеит. Иахьазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп 11-ҩык. Араионқәа рҟны ачымазара ашьҭыҵра иаҿуп. Иахьабалак агәаҭарҭатә ҭыҧқәа русура ҳарҿыцит", – иҳәеит аминистр. Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб иҳәеит еиҭах алаҵа шыҟаиҵаз. "Мчыбжьык уажәаҧхьа еиҭах алаҵа ҟасҵеит. Аминистрцәа Реилазаара аусзуҩцәа ирабжьызгоит даргьы убас иныҟәарц", – иҳәеит иара.

Ииуль азы ашәахтәқәеи ахшәаатәқәеи рганахьала аусқәа рҭагылазаашьа иалацәажәеит ашәахтәқәеи аизгарақәеи рминистр Џьансыхә Нанбеи Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециеи. Ииуль азы ашәахтәқәа реицҵалыҵ иартәеит 400 миллион мааҭ. Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хециа иара убас иазгәеиҭеит 6 мзы рыҩнуҵҟала иаланагалаз аҳазатә шәахтәқәа ишдыртәаз 1 миллиардки 351 миллион мааҭ.

Аминистрцәа Реилазаара ишьақәнарҕәҕәеит "2023 шықәсазы Аҧсны асоциал-економикатә рҿиара Аиндикативтә план", уи налгеит Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган. "Ари апроект шьақәыргылан араионқәеи Аҟәа ақалақьи рхадарақәа иааргаз аҟаҵарбақәа ҳасаб рзуны", – лҳәеит лара. 2023 шықәсазы иазгәаҭоу атауарқәеи, аусурақәеи, амаҵзурақәеи рымҽхак шьақәыргылоуп 125,9 миллиард мааҭ рыла.

Изакәызаалак ҿиарак ыҟам ҳәа иҳаҳауа ацәажәарақәа ирыҧсыхәоузеи ҳәа Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб изҵаара аҭакс, Владимир Делба иҳәеит: "Астатистикаҿы узхымҧо-узҵымҧо – ацифрақәа роуп. Урҭ иаҳдырбоит аекономикатә ҟаҵарбақәа зегьы ашьҭыҵра ишаҿу, уи аҳәынҭбиуџьет ахь алагалақәа ишырныҧшыз. Иацы абри атәы ҳҳәеит Жәлар Реизара аилатәараҿы. Ҳгәыҕуеит, аҧхьаҟагьы ус иҟалап ҳәа". Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Џьансыхә Нанба иҳәеит, апроект ишақәыршаҳаҭу Аминистрра. "Исҭахын шәыхшыҩ рзысышьҭырц иаҳарбауа аҟаҵарбақәа. Аизҳара ыҟоуп. Иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит иарбоу анагӡаразы", – иазгәеиҭеит иара