Print this page

Амилаҭтә хеилак "Абаза" ахаҭарнакцәа рҧылара

Нанҳәа 03, 2022 323

Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба идикылеит ауаажәларратә еиҿкаара "Абаза" амилаҭтә хеилак ахаҭарнакцәа. Уи асасцәа дрыдныҳәалеит, иагьазгәеиҭеит: "Ари хҭыс бзиоуп, избанзар иахьа алшара ҳамоуп Амилаҭтә хеилак "Абаза" ахаҭарнакцәа рҟны ҳажәларқәа рҿаҧхьа иқәгылоу азҵаарақәа рылацәажәаразы". Ахада ихаҭыҧуаҩ иазгәеиҭеит аҧсуааи абазақәеи рыбжьара аимадарақәа рырҕәҕәара акырӡа шаҵанакуа, ҷыдала иаликааит абри азҵаараҿы Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аҵакы. "Адырга ҷыда амоуп Тарас Мирон-иҧа Шамба иирамш аҽны ҳаиҧылара ахьымҩаҧысуа. Уи 25 шықәса инеиҧынкыланы аҧсуа-абаза жәлар Жәларбжьаратәи рассоциациа напхгара аиҭон. Сара издыруеит шәара шәгәы иҵхо азҵаарақәа. Сгәы иаанагоит, урҭ иахьа иаартны ҳрылацәажәап ҳәа", – иҳәеит Гәынба.

Амилаҭтә хеилак "Абаза" ахантәаҩы Умар Кончев Ахада ихаҭыҧуаҩ ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аҧсны анапхгара рахь ианыдҵаала ашьҭахь Аҧсны абазақәа рҭаҩра азҵаара ахьыӡбахаз азы. Уи иара убас иазгәеиҭеит Аҧсны анапхгара ҭабуп ҳәа шрарҳәауа аешьаратә жәларқәа реизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырҕәҕәареи иазку аӡбамҭақәа жәпакы ахьрыдыркылахьоу азы.

Агазеҭ "Абазашҭа" аредактор хада Фардаус Кулова далацәажәеит аинформациа аимдара шаҭаху. "Ибзиахон аҧсуааи абазақәеи еицырзеиҧшу периодикатә ҭыжьымҭак цәырҵызҭгьы. Убригьы ҳажәларқәа еиднакылон", – лҳәеит лара.

Аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Роберт Ашба зеиҕьашьараны иҳәеит Аҧсны Ауаажәларратә палатаҿы абазақәа цәыргазҭгьы. Иара убас ишьҭыхын абазақәа рахьтә зегь реиҳа иқәыҧшӡаз Мураҭ Куџьев (19.12.1975 – 04.07.1993) игәалашәара анаӡаӡатәра азҵаара. Уи дҭахеит Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан.

Аӡиудо азы Урыстәыла аспорт азҟаза Альберт Огузов ажәалагала ҟаиҵеит аешьаратә жәларқәа рспортсменцәа қәыҧшцәа рзы аҟазара-классқәа еицымҩаҧыргаларц.

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак иалоу Беслан Кобахиа иҳәеит Олег Етлухов "Аҧсуа ҩы" ҳәа зыхьӡу ароман ҿыц шиҩыз, уи Ҟарачы-Черқьестәылан аекран ахь аиагара аидеиа шцәырҵыз. Кобахиа аҧсуа ган иадигалеит ароман аекран ахь аиагара иацхраарц.