Print this page

Аҧсны Жәлар Реизараҿы

Нанҳәа 03, 2022 299

Ииуль 27 азы имҩаҧысыз Аҧсны Жәлар Реизара аилатәараҿы ишьақәырҕәҕәан 2022 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет ианагӡашьоу азы аҳасабрба. Абри аӡбамҭа рыбжьы арҭеит 27-ҩык адепутатцәа, ҩыџьа аҿагылеит, аӡәы иҽааникылеит. Жәлар Реизара аилатәараҿы аҳасабрба ҟаиҵеит Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба. Аҧсны Аҳәынҭқарратә биуџьет иаланагалаз ахашәалақәа рзеиҧш мҽхакы иартәеит 11 миллиарди 571 миллиони 535, 9 нызқь мааҭ, планла иарбаз аҟаҵарбақәа 10 миллиарди 737 миллиони 381,5 нызқь мааҭ рҭыҧан.

2021 шықәсазы Аҳәынҭқарратә биуџьет ашәага-зага хадақәа рынагӡара иартәеит ахарџьқәа рганахьала 11 миллиарди 279 миллиони 005,6 нызқь мааҭ, планла иазгәаҭаз 12 миллиарди 145 миллиони 157,3 нызқь мааҭ рҭыҧан, мамзаргьы 92%. 2021 шықәсазы ахашәалақәа ршәага-загақәа рганахьала иарбан 8 миллиардки 425 миллиони 294 нызқь мааҭ, аха абиуџьет анагӡара аихшьалақәа рыла ахашәалатә хәҭа иартәеит 9 миллиардки 111 миллиони 956 нызқь мааҭ, еиҳахеит 686 мааҭ рыла. Ари зыбзоурахаз Ареспубликатә биуџьет ашҟа ахатәы хашәалақәа рнеира ауп.

Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраара иартәеит 5 миллиардки 45 миллиони 964 нызқь мааҭ. 2021 шықәсазы ахатәы хашәалақәа шьҭыҵит 2020 шықәса иадкыланы 1, 2 миллиард мааҭ рыла, 2019 шықәсазы акәзар, 90 миллион мааҭ рыла. Ажәахәҟаҵаҩ хәҭа-хәҭала дырзааҭгылеит абиуџьеттә малқәа ахьдәықәырҵо, ахәҭакахьала иҳәеит асоциалтә политикахь ишдәықәҵаз 280 миллион мааҭ, убарҭ рахьтә 209 миллион мааҭ – атәылауаа хазы игоу ркатегориақәак асоциалтә цхыраагӡақәа рызшәаразы. Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа абиуџьетнҭыҵтәи рфонд ашҟа ишьҭын 8 миллионк мааҭ. 170 миллион мааҭ дәықәҵан Апенсиатә фонд аҭышәныртәаларазы.

Иара убас Жәлар Реизара адепутатцәа ишьақәдырҕәҕәеит 2021 шықәсазы Аҧсны абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа 6 рбиуџьетқәа рынагӡаразы аҳасабрбақәа.

2021 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет ианагӡашьоу аҳасабрба ҟазҵоз афинансқәа рминистр Владимир Делба далацәажәеит 2021 шықәса аҧхынразы аҧсабаратә рыцҳарақәа ааха зырҭаз ирзыҟарҵаз ацхыраара атәы. Уи иартәеит 284 миллион мааҭ. Зыҩнра, згәара аҧхасҭа аиуз ирызшәан 109 миллион мааҭ. Завтомашьынақәа ҧхасҭахаз аҧарақәа рызшәара иалагоит уажәы, иоушьҭуп 11 миллиони 600  нызқь мааҭ.

Адепутатцәа актәи аҧхьарала ирыдыркылеит Аҧсны Атәылауаҩратә кодекс актәи аҩбатәи ахәҭақәа ирыларгалаз аиҭакрақәа. Адокумент налгеит Аҧсны Жәлар Реизараҿы атәыла Ахада ихаҭарнак Наҭелла Ломиа. Иалагалоу аиҭакрақәа ирыҵаркуеит ауал зқәуи акредитори рыбжьара ахыдҵақәа, аелектронтә хархәагала абанкаҿ ахыҧхьаӡаларҭақәа раартра.

Анаҩсан адепутатцәа ахҧатәи ҵыхәаҧҵәалатәи аҧхьарала ирыдыркылеит "Аҳәынҭқарратә ҳәаазы" Аҧсны Азакәан аиҭакрақәа. Азакәан апроект налгеит Аҧсны Жәлар Реизараҿы атәыла Ахада ихаҭарнак Наҭелла Ломиа Уи лажәақәа рыла, азакәан апроект азкуп уажәы иҳамоу азакәан иамоу агха-ҧхақәа, аиҿагыларақәа жәпакы раҧыхра, иара убас аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчареи арежим ашьақәыргылареи рызҵаарақәа жәпакы рганахьала азинҧҟарақәа здызкылауа аусбарҭа ашьақәыргылара. "Азакәан аиҭакрақәа алагалара аҭахуп, избанзар Аминистрцәа Реилазаара азинҧҟарақәа рыдкыларазы азинтә шьаҭа азаҧҵатәуп", – иазгәалҭеит Ломиа.

Адепутатцәа ҵыхәаҧҵәалатәи аҧхьарала аиҭакрақәа рыларгалеит Аҧсны азакәанҧҵаратә нҵақәак, насгьы изызку аӡтәы обиектқәа рҟны ауаа рыҧсҭазаара ахьчара аганахьала аилагарақәа рзы аҭакҧхықәра зду ишьақәыргылара ауп. Азакәан апроект налгеит Аҧсны Жәлар Реизараҿы атәыла Ахада ихаҭарнак Наҭелла Ломиа. Административтә зинеилагарақәа рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Акодекс ахы 7 харҭәаауп ахәҭаҷ 601 ала. Уи иазҧхьагәанаҭоит административтә хьырхәрақәа, иҟоу аҧҟарақәа еилазго рганахьала.

Иара убас Жәлар Реизара адепутатцәа ҵыхәаҧҵәалатәи ахҧатәи аҧхьарала ирыдыркылеит "Аҧсны Ашьауҕа-усеилыргаратә кодекс аиҭакрақәа алагаларазы" азакәан апроект. Уи налгеит Аҧсны Жәлар Реизараҿы атәыла Ахада ихаҭарнак Наҭелла Ломиа.

Азакәан Апроект азкуп уажәы иҳамоу ашьауҕа-усеилыргаратә закәанҧҵараҿы иҟоу агха-ҧхақәа, аҩжьрақәа раҧыхра, хьыӡҳәала акәзар – ашьауҕатә усқәа рганахьала", – лҳәеит лара.

Анаҩсан адепутатцәа актәи аҧхьарала ирыдыркылеит "Астатистикатә усуреи аҳасабеилыргаратә шәҟәарбареи рганахьала Аҧсны азакәанҧаҵаратә нҵақәак аиҭакрақәа рылагаларазы" азакәанпроект. "Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы астатистикатә усуразы" азакәан ахәҭаҷ 1 иалагалахоит астатистикатә гәаҭарақәа рыхкы ҿыц шьақәзыргылауа аиҭакрақәа – иҳәынҭқарратәым астатистикатә гәаҭара, иара убас урҭ рымҩақәҵашьа. Иҳәынҭқарратәым астатистикатә гәаҭарақәа рахь иаҵанакуеит Аҧсны азакәанҧҵара инақәыршәаны, ашәҟәы иҭагалоу анаплакқәеи аиҿкаарақәеи имҩаҧыргауа астатистикатә гәаҭарақәа, аҳәынҭқарратә наплакқәа, аиҿкаарақәа, иара убас аҳәаанырцәтәи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рфилиалқәа, рхаҭарнакрақәа аалхны. Аминистрцәа Реилазаара азинмчқәа аҭахоит иҳәынҭқарратәым астатистикатә гәаҭарақәа рырманшәаларазы. Астатистикатә гәаҭарақәа хаҭәаахарц азы азакәанпроект ишьақәнаргылоит иҳәынҭқарратәым астатистикатә гәаҭарақәа рылҵшәақәа Аҧсны Аҳәынҭстат ахь хымҧада рнагара.

Анаҩсан Жәлар Реизараҿы актәи аҧхьарала ирыдыркылеит "Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵаратә нҵақәак  аиҭакрақәа рылагаларазы" азакәан апроект. Уи налгеит Аҧсны Жәлар Реизараҿы атәыла Ахада ихаҭарнак Наҭелла Ломиа. Излацәажәо Атәылауаҩратә кодекси "Икоммерциатәым аиҿкаарақәа рзы" Аҧсны азакәани аиҭакрақәа рылагалара ауп.

Адепутатцәа ақәҵара рыдыркылеит "Акурорттә ҧаралхразы" азакәан амч ацәыӡит ҳәа азхаҵаразы. Иара убас еиҭакрақәак рыларгалеит Аҧсны азакәанҧҵаратә нҵақәак. Адокумент неигеит абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь. Акурорттә ҧаралхра аҧыхра инамаданы Аҳәынҭқарратә биуџьет иаиуа ацәыӡқәа харҭәаахоит ашәахтәқәа рылхра ахаҭабзиара арҕәҕәарала", – иазгәеиҭеит Беслан Ҳалуашь.

Жәлар Реизара адепутатцәа ишьақәдырҕәҕәеит Аҧсны Жәлар Реизараҿы ажурналистцәеи амассатә информациа ахархәагақәа ртехникатә специалистцәеи раккредитациа аҧҟара ҿыцқәа. Аккредитациазы ашәҟәы иахәаҧшуеит 10 мшы рыҩнуҵҟала. Уи иахысыз ажурналистцәа ирыҭахоит аршаҳаҭгақәа. Ҿҳәарасгьы иамоуп шықәсык. Аккредитациа зызу ажурналистцәа азин рымоуп Жәлар Реизареи, уи аилакқәеи, акомиссиақәеи реилатәарақәа, атәыла иреиҳаӡоу азакәанҧҵаратә усбарҭаҿы имҩаҧыргауа аилатәарақәа уҳәа аҽрылархәра, иаркны инарыгӡо аусмҩаҧатәқәа аалхны. Ажурналист аккредитациа имырхыр алшоит: иара ихазы, амассатә информациа ахархәагақәа рзы мыцла еибарку адырраҭарақәа неигазар, иареи ма аредакциеи аккредитациа аҧҟарақәа еиларгазар, ииашам адырраҭарақәа аладырҵәозар…

Адепутатцәа рыхәаҧшит иҵегьы хыҧхьаӡара рацәала азҵаарақәа.

Иара убри аҽны имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара ааҧынтәи аҵыхәтәантәи аилатәара. Адепутатцәа ирыдыркылеит "Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа рыҧсшьаразы" ақәҵара. Август 1 инаркны сентиабр 7 азынӡа адепутатцәа зыхә ршәо есышықәсатәи аҧсшьарахь иҟоуп – 36 мшы. Адепутатцәа реиҳараҩык абри ақәҵара рыбжьы арҭеит, ҧшьҩык аҿагылеит.