Print this page

Ахада инапаҿы – агәраргагатә шәҟәқәа

Нанҳәа 02, 2022 292

Ииуль 21 азы Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Ҷыда Михаил Шургалин Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапаҿы ииркит агәраргагатә шәҟәқәа.

Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц дидныҳәалауа, Ахада иҳәеит: "Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Ҷыда иҭыҧ официалла шәахагылара. Урыстәыла Апрезидент Владимир Владимир-иҧа Путин агәрагара ду шәиҭеит, ҳтәылаҿы адипломатиатә миссиа хадара азура шәнапы ианиҵеит. Шәара ижәдыруеит, Аҧсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа аҟазшьа ҷыда шрымоу. Ари аидгылара ауп, уасхыр ҕәҕәангьы ирыҵагылоуп аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәышаҳаҭрақәа ҩба: 2008 ш. азы "Аиҩызареи, аусеицуреи, наҟ-ааҟ аицхыраареи рзы", 2014 ш. азы "Аидгылареи стратегиала аиҩызареи рзы". Акырынтә ишазгәаҳҭахьоу аиҧш, иааигәаӡаны ҳусеицура иабзоураны иҳалшеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа реиқәышаҳаҭра-зинтә шьаҭа ду аҧҵара. Уажәы Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара амилаҭтә закәанҧҵареи Урыстәылатәи Афедерациа азакәанҧҵареи реизааигәатәра азҵаарақәа активла аус рыдырулоит. Ари атәылахьчара, ашәарҭадара, аекономикатә, асоциалтә, аҭҵаардырра-техникатә, акультуратә усеицура аганахьала иарбоу апланқәа зегьы рынагӡараҿы акырӡа зҵазкуа ҭагылазаашьоуп".

Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, Урыстәылеи Аҧсни реизыҟазаашьақәа рганахьала акырӡа зҵазкуа акәны иҟоуп Аҧсны асоциал-економикатә рҿиаразы Аинвестициатә программақәа рынагӡара. "Ари – Урыстәылатәи Афедерациа иаҳнаҭо хәызмаӡам цхыраароуп. Иахәҭаҵәҟьаны исыҧхьаӡоит ҳтәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа активла рыцҵара", – иазгәеиҭеит Бжьаниа. Ахада ҷыдала инаҵшьны иазгәеиҭеит, жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа, уаҩы ишимбац ала Урыстәыла санкциала ақәымчра, Украина арратә операциа ҷыда аан мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәеи арра-политикатә хеидкылақәеи иаахтны рҽалагалара, Киев анацисттә режим мҽхакы ҭбаала бџьарла аибыҭара ҳасаб рзуны, аҧхьатәи аҭыҧ аҟны иаақәгылоит иааидкыланы адәныҟатәи ашәарҭарақәа рҿагылара аганахьала еидгыло атәылақәа русеицура азҵаара, ахәҭакахьала Украина аденацификациа  налаҵаны". "Хьыӡҳәала абри аҟнытә, ашәарҭадара арҕәҕәара иаҳа хра аланы иаақәгылоит", – иҳәеит Бжьаниа.

Атәыла Ахада ҷыдала иаликааит ацҳаражәҳәаҩ ҿыц иҟынӡа иҟаз Семион Григориеви Алеқсеи Двинианини аусура ду шымҩаҧыргаз. "Аҧсны жәлар урҭ даара ҭабуп ҳәа рарҳәоит. Шәара шәҩызцәа ашьҭамҭа бзиа нрыжьит. Агәыҩбара сымам, Шәаргьы шәҽазышәарақәа шазышәкуа Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реидгыларатә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара, рырҿиара. Аус зыдулатәу ыҟоуп", – иҳәеит Ахада.

Михаил Шургалин иҭак ажәаҿы иазгәеиҭеит: "Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа, ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Иахьа даара агәахәара снаҭоит абра сахьшәылагылоу. Шәарҭ шәахьтә аӡәырҩы уаанӡагьы исдырхьан, саҧхьаҟагьы исдырша рацәаҩхашт. Урыстәылатәи Афедерациеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи аидгылара рыбжьоуп, еиҩызцәоуп. Урыстәыла Апрезидент Владимир Путин амаҵура ду сахаиргылеит, дагьсыҳәеит агәраргагатә шәҟәқәа шәысҭарц. Ари иаанаго убри ауп, ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа, Урыстәыла Апрезиденти Аиҳабыреи ирҳәаз акы аҳасабала сажәа агәрагара.