Print this page

«Саид» аҭаара ргәаҧхоит

Хәажәкыр 10, 2023 179

Ишдыру еиҧш, март 8 – аҳәса Жәларбжьаратәи Рымш ауп. Уи амш аҽны аҳәса рыҧшәмацәа,ры-ҷкәынцәа,рашьцәа,ранацәа,мамзаргьы  ашәҭ шьыҵәрақәа рырҭоит, уи инамаданы аҳамҭақәа.

Аха ари амш азы зегь раасҭа ихадароуп ашәҭқәа. Ари аныҳәа аламҭалаз, еснагь сҽазысшәон аҳәса хатәрақәа, мамзаргьы маҵзурак аанызкыло рыхцәажәара. Уажәшьҭа сҽазысшәар сҭаххеит ажәа ҧхақәа рызкра, аҭыҧ ду аанызымкыло, аха ахаҵамҧҳәыс ззырҳәо,  зхатә џьабаала ажәлар ирыхәо ҟазҵо, иахьатәи ҳаамҭазы азҿлымҳара змоу. Аҳәса аӡәгьы изы имаӡам, иахьатәи ҳаамҭазы ихадароу аҭыҧ шааныркыло, аполитика аганахь ала уҳәару, абизнес аганахь ала уҳәару убас ирацәаны.

 Адәқьан «Саид» аҟны кыр шықәса аиҳабысгьы, хәаахәҭҩысгьы аус луеит Мадонна Какәбаа-ҧҳа. Лара убас илцәаҩоуп, аханатә ауааҧсыра лара лышҟа имҩахыҵуа ахәаахәҭразы, гәык-ҧсык ала рызнеира, имыргәамҵкәа ргәы иаҭаху рызнагара. Абраҟа иазгәаҭатәуп, лбизнес маҷ даналагоз, маҷк шакәыз лыдәқьан, ҩыџьа ауаа зеивымсуа иҟан, аха анаҩс илырҭбааит. Уи зыбзоуроу лара лоуп, ауааҧсыра ргәазыҳәарақәа ииашаны ирызналгон, изакәызаалак лара лыдәқьан иҵоу иахьа уажәраанӡагьы сзашьҭои ҳәа акәымкәа, рыхәқәа ҳаракымкәа иҟалҵоит, аҭааҩцәа иахьынӡауа гәыла-ҧсыла дрызныҟәоит. Шаҟа шықәса ҵуазеи ахәаахәҭыҩцәа дырдыруеижьҭеи, ахаан лара лзы угәы узырхьша акы рҳәом. Убри аҟынӡа дарбанызаалак ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа лхы наган ламысла дрызныҟәоит. Ус уҳәар ауеит - ахәаахәҭра иаҭахузеи ҳәа, аха мап, уи иашам. Шаҟаџьара игылоузеи адәқьанқәа, шаҟаџьара убла хнакуазеи, иара убас иҟоуп ари адәқьан акәша-мыкәшагьы, аха аус злоу ахәаахәҭцәа ушрызныҟәо ауп. Урҭ убла еимарџахәны урызныҟәар, угәамҵ-хамҵуа урацәажәалар, аҩынтәраан  удәқьан иҩналаӡом. Убри ауп изыхҟьо ахәаахәҭра ахьыҟам адәқьанқәа. Иара убас иазгәаҭатәуп, ари адәқьан аҟны Мадонна Какәбаа аус шлыцылуа лацала Ангелина Ажьиба. Урҭ реизыҟазаашьа русураҿы иумбар залшом. Рҩыџьагьы анык илхылҵызшәа, аиҳәшьцәа реиҧш еихӡыӡаауа, пату еиқәырҵо, алаф еибыҳәо аус еицыруеит.

Арҭ аицалацәа Мадонеи Ангелинеи ирзеиҕьаҳшьоит  агәабзиареи, амншәалареи, аихьӡара бзиақәеи.


Стелла Сақаниа