Print this page

«Ашьхақәа рхы ладырҟәӡом»

Хәажәкыр 03, 2023 168

Иван Миқаиа аҧсуа литератураҿы иацы иахьа дцәырымҵит. Акыр шықәса ҵуеит уи аҧсуа поезиа дазааҧсоижьҭеи. Ааигәа аҧхьаҩцәа ироуит ишәҟә ҿыц «Ашьхақәа рхы ладырҟәӡом» еиднакылоит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаҧиҵаз ажәеинраалақәа.

Автор иҧсҭазааратә ҧышәагьы ыҟоуп, аҧсуа литератураҿы илагалагьы ыҟоуп. Иҟоуп ипоезиа алкаан бзиа избо аҧхьаҩцәагьы.

Ажәеинраалақәа рҿы еилыхха иубоит апоет, мамзаргьы алирикатә иҧсҭазаараҿы изцәырҵуа, ихьысуа азҵаарақәа рыҭбаара, ари иуаароу адунеи ду аҿы ауаҩытәҩса иуаҩра аҳра ауазарц шиҭаху. Араҟа иуҧылоит аҧсреи абзареи рышьхәа шеивҵоу, амреи амзеи шеикәшо ртәы зҳәо афилософиатә дунеи еилкаара иаҵанакуа ажәеинраалақәа, иҭынчу, иҟәандоу абзиабаратә гәҭыхақәа, аҧхьаҩ игәы зырхыҭхыҭуа ахәыцра ҵаулақәа, аҧсабара апоезиатә хаҿсахьақәа.