Print this page

Альҧер Бганба: «Аибашьра сыҧсадгьыл ахь саргьежьит»

Хәажәкыр 03, 2023 140

«Ари абилеҭ ганкы мацара узгоз акәын» – далагоит Аҧсныҟа иаара иазку ажәабжь аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Альҧер Бганба. Аҧсны иадҳәалоу уи иҭоурых алагеит нанҳәамза 14,1992 ш.рзы. Альҧер Аҧсны аӡбахә бзианы идыруан, аҩны иҭаацәа еснагь ирҿакыз, лассы-лассы зыӡбахә рҳәоз акәын.

«Сеиҳабацәа рылабжыш рызнымкыло иаҳзеиҭарҳәон рабацәа рыдгьыл шаҟа иссиру. Ҳаргьы ҳрааӡеит иҳамбацыз атәыла ҳаҧсадгьылны иҳаҧхьаӡо. Сара схәыҷаахыс издыруан сыҧсадгьыл Аҧсны шакәу», – иҳәоит Альҧер Бганба. Абас ала, аҧсадгьыл ахь абзиабара ҕәҕәа Альҧер иҭаацәараҿы абшьҭрала аиҳабацәа рҟынтәи аиҵбацәа рахь ииасуа иаауан. Аибашьра ианалагаз Альҧер Сҭамҧылтәи иреиҳау аҵараиурҭа дҭан, ақырҭқәа Аҧсны ишақәлаз ажәабжьқәа рҟынтәи иаҳаит.

«Сшьа еилашит, иаразнак сгәы исыҵанаҳәеит сашьцәа срыцхраар шысҭахәу. Сгәы иҭысҳәааз азхәыцха сахьӡаанӡа исыӡбаз ак акәхеит. Сабацәа ршьа сыхеит Аҧсныҟа», – иҳәоит Альҧер. Аибашьра ишалагаз заҳаз ҳџьынџьуаа еигәныҩны аизара иалагеит Афедерациа аҿаҧхьа. Аҧсныҟа ааразы асиа зҽанызҵоз рыбжьара иҟан Аҧснынтәи Ҭырқәтәыла аҵара зҵоз астудентцәагьы. Рҧа еибашьра дышцо азы ажәабжь Альҧер иҭаацәа ҭынч ирыдыркылеит.

«Ушҧамцо, Ҳаҧсадгьыл ашәарҭара ду ианҭагыла ухы ҧхьаукуама» иҳәеит зықәрахь инеихьаз Альҧер иаб, ихаҭа дахьзымаауа хьааго. Аибашьра ианалагаз инаркны мызкы цахьан ауадаҩрақәа ихганы ииулакгьы Ҭырқәтәылантәи Шәачаҟа, уаантәи Аҧсныҟа Альҧер Бганба данааз. Иара иҽрымаидоит хатәгәаҧхарала еибашьуаз,  дара гәыҧҩык абџьар иазыҧшны  Гәдоуҭа, аҧсшьарҭатә ҩны «Черноморец» аҟны иҟан. Иара убраҟа афронт ахь ицаанӡа мышқәак ҳәа иаанкылеит Шамиль ибаталион аибашьцәагьы. «Сара Шамиль иеибашьцәа срыҳәеит сшәыццарҵ сҭахәуп  ҳәа. Аха дара ируамызт, абџьар ҳамаӡам ҳәа сарҳәон» иҳәоит аветеран. Ҩымш рнаҩс Альҧер Бганба абџьар иҧшаауеит, афронт ахь дцоит Пицундатәи абата­лион даланы. Абас иалагоит иара  иеибашьратә мҩа.

Альҧер Бганба изы Аҧсныҟа иааны аибашьра ганкы мацаразы игаз абилеҭ иаҩызан. Арратә ҧышәа зынӡа измамыз арҧыс еиликаауан еибганы агьыжьразы илшарақәа ҧышәак змоу ртәы аасҭа акырынтә ишеиҵоу. Иагьа ус иҟазаргьы, хыҧхьакрак ззымдыруаз Альҧер Бганба дрылахәын, шамахамзар, ажәы­ларақәа зегьы. Ииун мза алагамҭазы Тамшьтәи адесант аӡхыҵра далахәын. «Тамшьтәи аоперациа иацуп даара ихьанҭоу агәалашәарақәа. Аха ахаан хашҭшьа змам акәны иаанхоит марттәи ажәылара» – иҳәоит аветеран. Альҧер Бганба иажәақәа рыла усҟантәи ахьҭа бааҧс аҩыза уи ашьҭахь уаҳа имбаӡац. «Уцәа убаҩқәа ирыдҵаалазшәа убон. Аибашьраҿы аибашьҩы имахаишьаха ҽеила ианимыхәа, иусқәа даара ицәгьоуп» ҳәа азгәаиҭоит иара.

 Усҟан, марттәи ажәылараан  Альҧер иоуит  раҧхьатәи ахәра, аҩынтәраан иара дырхәуеит Аҟәа ахы ақәиҭтәраан. Марттәи ажәылара аибашьҩы алацәажәара шиҭахымгьы маҷк дазааҭгыло иҳәоит: «Март жәохә ауха апозициақәа кны ҳахьтәаз илбаауеит Руслан Зарданиа напхгара зиҭоз ажәыларатә гәыҧ. Асааҭ жәаҩа шыҟаз, уахынла, ҳалагоит ақырҭуа архәҭақәа ахьтәаз аҭыҧқәа реихсра. Ҳара алҩа ықәзырчуаз аминақәа ҳарҭеит. Дҵасгьы иҳаман ҳафронт  иаҵанакуаз аҭыҧ аҿы урҭ рыҧжәара. Алҩа еишьыл ҳҽалакны ажәылара ҳалагон. Ҳадҵа наҳагӡеит. Алҩа ықәчны, уааигәа игыло далумбаауа иҟалеит. Уи аамҭазы Руслан Зарданиа игәыҧ Гәымсҭа аихҵәара иаҿын. Ҳцон ҳаишь­ҭагыланы. Ҳаҩажәыхәҩыкгьы аӡы ҳарны ажәылара ҳалагоит».

Марттәи ажәылара аҭоурых аҿы Альҧер Бганба иӡбахә иҳәоит аибашьра аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Хуаџьаа ишәҟәы «Путь к победе» аҿы. «Гәымсҭа аӡиас исыцырсуан Ҭырқәтәылантәи хатәгәаҧхарала иааны еибашьуаз Альҧер Бганба, авзвод акомандаҟаҵаҩы Даур Папцаа, акомиссар Чингьыз Бигәаа, анаҩс абаталион командаҟаҵаҩыс иаиуз Ҭенгьыз Габниа. Даур Папцаа инапхгарала авзвод зегьы еибганы Гәымсҭа ирсит. Ишҳаи­хсуазгьы, аӡырсраан аӡәгьы дҭамхеит, ахәрагьы имоуит. Ҳахысит актәи ахырҕәҕәарҭа, аҩбатәи ҳанаадгылоз ҳаихсра иалагоит. Анзор ҳаҧхьа дызлагылаз ала, иаразнак ахәра иоуеит, ахы иқәшәоит инапаҿы, иаразнак аҩбатәи иаахоит иуаҭәаҿы. Иҳәазаны ахәра зауз иаразнак инаидгылеит Альҧер Бганбеи, Бесик Какалиеи, Бесик Кәарҷелиеи, Бесик Рудометови. Анзор имуӡеит далыргар. Иара адҵа ҟаиҵоит уи аамҭазы ахәра ҕәҕәа зауз Чингьыз Бигәаа иалгаразы. Ари зегьы анымҩаҧысуаз уахынлан. Минуҭқәак рышьҭахь аҕацәа иорышьҭыз ахыршә аибашьцәа иеиҭарываҧжәоит, уаанӡа ҩ-хәрак заухьаз Анзор хәракгьы иоуеит. Усҟан ахыршә ацырҟьа дахәуеит Альҧергьы. Ҧхьаҟа ҳцара акыр иуадаҩхеит. Аҕацәа еихсы­ҕьрада ахеиҵаҵақәа ҳгәыдырҵон» – абас иҩуеит аибашь­раҭҵааҩы Руслан Хуаџьаа.

Аибашьраан, Альҧер Бганба ибаталион Гәымсҭа аӡиас ахықәан ахырҕәҕәарҭа аанкыланы иантәаз, аибашьцәа дырҭааит Владислав Арӡынба. «Усҟан сара Владислав инапы имсхит. Уи мчык сыланаҵазшәа снарбеит. Владислав Григори-иҧа данца ашьҭахьгьы, аӡәырҩы ҳалаҕырӡқәа ҳзынкыломызт. Избан акәзар, игәышьҭыхгаз иажәақәа ҳгәаҵанӡа инеит» – иҳәоит аветеран.

Альҧер Бганба аиааира амшныҳәа Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы даҧылеит, имҕьацыз ихәрақәа ирҭоз ахьаа ихашҭны зиарҭа илҟьаз аибашьҩы акраамҭа аҳақьымцәа дырзышьаҵомызт. «Жәларык ззықәҧоз Аиааира ҳбеит. Уи еиҳаз жәҩангәашәҧхьара ыҟамызт» иҳәоит Альҧер Бганба. Аветеран ианашьоуп Леон иорден, аҳәынҭқарратә ҳамҭа аибашьҩы инапаҿы ииркит Владислав Арӡынба ихаҭа. «Ари аорден сара сзы аҵак ҷыда амоуп», игәалаиршәоит иара.

Аибашьра ашьҭахь Альҧер Бганба Аҧсны дынхеит. Иара лассы-лассы дцалоит Ҭырқәтәылаҟа, уаҟа инхоит иуацәеи иҩызцәеи. «Сахьцалакгьы, сахьыҟазаалакгьы Аҧсны мацара ауп аҩны сшыҟоу ахьысныруа. Иахьа сара насыҧ змоу уаҩны схы сыҧхьаӡоит. Сыҧсадгьыл ахы иақәиҭуп, уи ахьыҧшымра азхаҵоуп. Сабшьҭра зегьы амҳаџьырра иахҟьаны рыҧсадгьыл аанрыжьыр акәхеит, шәышықәсала атәым жәҩан иаҵаҧшуан. Аха сара аибашьра саргьежьит сыҩныҟа. Ганкы мацаразы ҳәа игаз абилеҭ сара сзы иманшәалахеит, инасыҧхеит» – иҳәоит Альҧер Бганба.


Елана Лашәриа