Print this page

Аслан Бжьаниа имҩаԥигаз аилацәажәара

Хәажәкыр 03, 2023 130

Февраль 28 азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аминистрцәа Реилазаареи Аԥсны Жәлар Реизареи рнапхгара алархәны, есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаԥигеит, – иаанацҳауеит Аԥсны Ахада исаит.

Аилацәажәара аартуа, атәыла Ахада иҟаз иреиҳәеит Урыс­тәылатәи Афедерациа ашҟа иусуратә ныҟәареи Ареспублика Беларус ахь инеиреи рылҵшәақәа ртәы. Раԥхьаӡа иргыланы, Аслан Бжьаниа дрылацәажәеит Минск иҟазаара алҵшәақәа, иаҵишьит Беларус еснагь аиҩызаратә политика шымҩаԥнагоз ҳтәыла аганахьала. Ахәҭакахьала, Беларус адымгылаӡеит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи аибашьра ашьҭахь ИАР атәылақәа рганахьала Аԥсны амацәаз аҭакра.

Минск аҳәынҭқаррақәа рхадацәа реицәажәара аан хықәкылатәи аиқәышаҳаҭрақәа алыршан. Урҭ рызкын атәылақәа рыҩбагьы ртәылахьчара аминистррақәеи амаҵзура ҷыдақәеи рхырхарҭала аимадарақәа рышьақәыргылара, економикала аусеицура арҭбаара. Аекономикатә усеицура дазааҭгылауа, Аслан Бжьаниа аилацәажәара иалахәыз иргәалаиршәеит Алеқсандр Лукашенко Аԥсны даныҟаз иара ишазгәеиҭаз Аԥсны аинвестициатә проект дуқәа рынагӡара интересс ишимоу. Минсктәи аиԥылара аан аганқәа еиқәышаҳаҭхеит Очамчыра араион аҟны еицырзеиԥшу апроект ду анагӡаразы. Уаҟа аусурақәа ирылагоит 2024 шықәса апрель иахым­гакәа. Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, аиқәышаҳаҭрақәа рыԥҟарақәа рыла, убри апроект аусзуҩцәа 80 % иреиҵамкәа Аԥсны атәылауаа шракәхо.

Аилацәажәара иалахәыз рахь ихы нарханы, атәыла Ахада иҳәеит Ареспублика Беларус аҳәынҭқарратә напх­гараҭареи аекономикатә политикеи рганахьала Аԥсны азы ҿырԥштәы бзианы иҟаларц шалшо. Ахәҭа­кахьала, Аслан Бжьаниа далацәажәеит атехнологиа ҳаракқәа Беларустәи Рпарк.

Аԥсны Ахада иара убас иҳәеит Москваҟа иусуратә ныҟәара алҵшәақәа ртәы. Аиԥыларақәа иман Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилаки Аиҳабыра иалоуи рҟны. Аслан Бжьаниеи, Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новаки, аекономикатә рҿиара аминистр Максим Решетникови реиҿцәажәарақәа раан ирылацәажәеит Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцамч аашьҭра, аинфраструктуратә кредит аҭара азҵаарақәа. Иара убас, аиԥыларақәа рҟны ирзааҭгылеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза иагуиабзоу аҟаҵара апроекти Урыстәылаҿы ҳаирла аимадара аиҭарҿыцреи ирызку аиҳабырабжьаратә еиқәышаҳаҭра анагӡаразы аусмҩаԥгатәқәа.

Аслан Бжьаниа Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лнапы ианиҵеит афымцамч аашьҭра, аинфраструктуратә кредит азы, ҳаирла аимадара аиҭарҿыцразы иаҭаху адокументқәа разырхиара, иара убас еиқәыԥхьаӡо ахырхарҭақәа рыла аусуразы Москваҟа дцарц.

Атәыла Ахада Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фазылбеи Аҩӡба иеиҳәеит «Апарт-сасааирҭақәеи апартаментқәеи рзинтә статус арманшәаларазы» азакәан апроект аекспертиза иахрыжьырц, ауаажәларраҿы, акьыԥхь аҿы иалацәажәарц. Уи иаарласӡаны Жәлар Реизарахь инашьҭхоит. Аслан Бжьаниа иаҵишьит ҳазну аамҭазы абасеиԥш иҟоу аусура аганахьала иарбанзаалак закәанԥҵаратә ԥынгылак шыҟам. «Ҳара ҳзакәанԥҵара иахьанатә иалнаршоит уи аусура амҩаԥгара. Аҿырԥштәқәа ыҟоуп. Азакәан ҳадаҳкылар, ҳҳәынҭқаррагьы ҳажәларгьы ирзыфеидахоит. Иаарласны азакәанпроект Жәлар Реизарахь инаҳашьҭуеит», – иазгәеиҭеит Ахада.

Иара убас, аилацәажәараҿы иазыӡырҩит акриптоԥарақәа изакәанымкәа рырҳара иаҿагыланы ақәԥаразы Ареспубликатә штаб аусура иазкыз аҳасабрба. Аштаб анеиҿыркааз инаркны ирбеит, ирымырхит 1261 аппаратқәа.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган илҳәеит ирыдыркылаз аусмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, аԥхара ахьыҟалаз ҳасаб азуны, Аԥсны афымцамч уахыкиҽнаки ахархәара шылаҟәыз.

Аилацәажәараҿы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа дҵаны иқәиргылеит афымцамч аашьҭырҭа «Аҽгәара» аҟны арҽеиратә усурақәа ирымҩа­ԥысшьоу атәы. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иазгәеиҭеит арҽеиратә усурақәа аиҳарак шхыркәшоу, уажәы аибыҭара ишаҿу адыдмацәыс ацәы­хьчара асистема, уи 2 мзы раҟара шаҭаххо.

Аԥыза-министр иажәахә дазыӡырҩны, Аԥсны Ахада рнапы ианиҵеит иааиуа анаҩстәи аусуратә мчыбжьы аҩнуҵҟала аусурақәа рымҩаԥгара ахылаԥшра.