Print this page

Ахәыҷқәа рзы Аконституциа

Ажьырныҳәа 20, 2023 141

Аԥсны иҭыжьуп ахәыҷқәа рзы Аконституциа аекземплиарқәа 2000. Уаҟа аҳәынҭқарра азакәан хада ҩуп ахәыҷқәа  еилыркаауа бызшәа мариала, насгьы иацуп асахьа ԥшӡақәа, – иаанацҳауеит аҵара Аминистрра.

Ахәыҷқәа рзы Аконституциа аԥҵара аидеиа лтәуп Аԥсны Аконституциатә усӡбарҭа ахан­тәаҩы Лиудмила Хоџьашвили.

«Еиҵагыло абиԥара ҿа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа аҵакы ахьынӡар­дыруа, азин аганахьала рдыррақәа ахрархәара ахьынӡарылшауа иахьыԥшхоит ҳҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи аԥеиԥш, ажәлар рҵара­дырра ахьынӡаҳараку. Аԥсадгьыли аҭаацәареи рыбзиа­бара инаваргыланы, ахәыҷы илааӡа­латәуп Аконституциа иазку раԥхьатәи адыррақәа. Убасҟан ихацҳаркуеит иҟәышу, иҟәыӷоу, аԥеиԥш змоу аҿар рышьақәгыларазы ауасхыр ӷәӷәа. Урҭ ҽаԥсатәралаҵәҟьа ирылшоит атәылауаҩратә уаажәларра иарбанзаалак аинститутқәа рҟны ҳтәыла хаҭарнакра азура», – лҳәеит лара.

Аҭыжьымҭа иацу асахьақәа ҭырхит ахәыҷтәы рҿиара Ацентр ааӡамҭацәа.

«Иарбанзаалак асахьа маҷ ахәыҷқәа иҭырхит, дара рыблала ишахәаԥшуа, ишырныруа ҵакыс иаҭаны. Иара убри алагьы дара еилырка­ауеит аҳәынҭқарра заку, дарбан­заалак атәылауаҩ изинқәеи ихақәиҭрақәеи зеиԥшроу, Аиҳабыреи, Жәлар Реизареи, ҳусӡбарҭақәеи русура шеиҿкаау», – лҳәеит Аԥсны Аконситуциатә ӡбарҭа аӡбаҩ Диана Ԥилиа.