Print this page

Аҟәатәи ашкол «Алашара» аҟны

Абҵара 25, 2022 184

Аҟәатәи ахатәы школ «Алашара» аҟны имҩаҧыргеит есышықәсатәи «Ақьиара аџьармыкьа».

Ашкол ахыбра ашҭаҿы идыргылеит астолқәа, урҭ иаҵәарала, еиуеиҧшым ахәмаргақәа рыла идырҧшӡеит.

Астолқәа ирықәгылоуп еиуеиҧшым атәылақәа рмилаҭтә чысқәа, амилаҭтә маҭәақәа рышәҵаны ахәыҷқәа асасцәа ирыҧхьон абарҭ ахаа-мыхаақәа ргьама рбарц.

Аныҳәатә гәалаҟазаара шьҭырхуан амузыка, акәашарақәа.

Аџьармыкьа даҭааит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа. Иара иааихәеит ашкол аҵаҩцәа рнапала иҟарҵаз афатә хаақәа.

«Даара акырӡа аҵанакуеит шәшыхәыҷу абзиа аҟаҵара шәгәы ахьазыҳәо, ишәзааигәақәоу ахьыгәцарашәкуа. Иҭабуп убри азы», – иҳәеит Бжьаниа.

Абраҟа еизырго аҧарақәа зегьы ахшара рацәа змоу Амҷаа рҭаацәара ирырҭоит. Урҭ рыҩны ноиабр 4 азы иҟаз амцакраан ааха аиуит.

Иахьа ҳџьармыкьаҿы ицәыргоуп Аҧсны, Урыстәыла, Узбеқисҭан, Ҭаџьықьсҭан, Ермантәыла, Италиа, Иапониа реиҧш иҟоу атәылақәа рмилаҭтә чысқәа. Аҭаацәеи ахәыҷқәеи иахьатәи амш акыраамҭа рҽазыҟарҵон. Абраҟа ижәбо зегьы аҭаацәеи ахәыҷқәеи еицыҟарҵеит. Хадаратәла, аџьармыкьа иалахәхеит алагамҭатә классқәа рҵаҩцәа. Иҳарҳауа аҧарақәа зегьы Ҧшьаҧ ақыҭан инхо Амҷаа рҭаацәара ираҳҭоит», – лҳәеит ашкол «Алашара» адиректор Мариа Ҧилиа.

«Аџьармыкьаҿы ҳакласс ицәырнагеит аурыс чысқәа. Ахәыҷқәа амилаҭтә маҭәақәа ршәырҵеит, даара иазыҧшын аџьармыкьа аартра. Есышықәса абас еиҧш иҟоу аусмҩаҧга-тәқәа реиҿкаара ҳгәы иҭоуп», – лҳәеит Екатерина Еныкь.

Лгәаанагарақәа дырзааҭгылеит 4-тәи акласс аҵаҩы Арина Барцикиан: «Аџьармыкьаҿы ҳакласс аҭырқә чысқәа дырмазеит. Иаҳараӡак исгәаҧхоит ахаа-мыхаақәа. Араҟа иаҳҭиуеит ҳнапала иҟаҳҵаз ахәмаргақәа, еизааго аҧарақәа ҭаацәарак ираҳҭоит».