Print this page

Аимадарақәа рылҵшәа

Абҵара 25, 2022 199

Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб диҧылеит аҵара аминистр Инал Габлиа. Уи аҳасабрба ҟаиҵеит ҳаамҭазтәи иусуразы убрахь иналаҵаны Урыстәылатәи иҩызцәа рҟны аимадарақәа рылҵшәақәагьы, – иаанацҳауеит Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара асаит.

Аминистр иажәақәа рыла, аусҳәарҭабжьаратә усеицура инақәыршәаны аҳәынҭқаррахь иааит аиҳабыратә классқәа рзы арҵага шәҟәы ҿыцқәа 40 нызқь раҟара. Ҳазну аамҭазы аҵара Аминистрра урҭ ашколқәа ирзыршоит.

Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университети дареи еицынарыгӡоит арҵаҩцәеи аҳәынҭусҳәарҭақәа русзуҩцәеи разыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхра иазку, зымҽхак ҭбаау апрограмма: Аҟәа алекциақәа ирзыӡырҩит 100-ҩык инареиҳаны, аквалификациа ашьҭыхра акурсқәа рзы Ставропольҟа ишьҭын 50-ҩык аҧсуа специалистцәа. Абарҭ амшқәа рзы Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет аҟны Очамчыреи Гәдоуҭеи рҿы аҳәынҭусҳәарҭақәа русзуҩцәа рзы алекциақәа мҩаҧысуеит.

Иара убас Габлиа дрылацәажәеит иааиуа ашықәс актәи аквартал азы жәларбжьаратәи аусеицура иҵегьы ацҵаразы апланқәа. Уи иажәақәа рыла, аҵаратә центр «Сириус» (ақ.Шәача, Урыстәыла) ашьаҭала аолимпиадақәа Аҧснытәи аҵаҩцәа ралахәра иацҵахоит.

Алеқсандр Анқәаб аминистр инапы ианиҵеит ашықәс аихшьалақәа рыла инагӡоу апроектқәа ирызку ажәахә ааигарц.