Print this page

Ақалақь цқьахарц

Цәыббра 22, 2022 245

Аҟәа Ахадара аиҳабы Беслан Ешба адҵа ҟаиҵеит Сентиабр 23 азы "Ицқьоу ақалақь" ҳәа азеиҧшқалақьтә аекологиатә акциа амҩаҧгаразы, – иаанацҳауеит Ахадара асаит.

Ақалақь анапхгара атәылауаа зегьы ирыҧхьоит убри рхы аладырхәырц, рықалақь гәакьа ацқьара иазку азеиҧш ус аҟны рлагаламҭа ҟарҵарц.

Уи аиҿкаареи амҩаҧгареи рзы ақалақьтә штаб аҧҵоуп.

Анаплакқәа, аиҿкаарақәа, ахатәмал аформақәа зегьы ирыҵаркуа аусҳәарҭақәа, хаҭалатәи анаплакқәа рнапхгаҩцәа ирабжьгоуп дара ирыҵаркуа аҭыҧқәа ррыцқьареи ирыгу-ирыбзоу аҟаҵареи рзы аусурақәа рымҩаҧгара.

Ахатә ҩнқәа змоу иара убас ирабжьгоуп дара рыкәша-мыкәша дрыцқьарц.

Абри аус иалахәыз зегьы еиқәыршәахоит иаҭаху маҭәахәыла.