Print this page

Ақәыҧшцәагьы аҧсадгьыл рыхьчон

Цәыббра 22, 2022 376

Аҵеи, аҩнаҭаҿы дани нахыс, даҽакала ихәаҧшуеит: аҧсуа изы уи дыҵәҩан шьаҭамырӡгоуп абшьҭра еихазҳауа, Аҧсадгьыл зыхьчо. Арҭ ахшыҩҵакқәа ҳҵеицәа зегьрыла идырҵабыргит Аҧсны ашәарҭара ианҭагыла… Аҧсадгьылаз рхамеигӡарақәа ааҧшит ақырҭуа-аҧсуа еибашьраан. Усҟан  аџьынџь ахьчаразы игылеит ақәыҧшцәагьы. Даргьы ҳ-Аҧсны ҧшӡа аиқәырхара рхы ақәырҵон. Абарҭ дыруаӡәкуп 17 шықәса зхыҵуаз Михаил Валериан-иҧа Ҭарба.

Михаил (Мишка ҳәа иарҳәон изааигәаз) диит Аҟәа ақалақьаҿ 1975 шықәсазы, далгеит А.Наӡаӡе лыхьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ. Ашкол аҿы ибзиаӡан аҵара иҵон, зегь реиҳа ицааиуан аматематика амаҭәар. Ҳаибашьра ианалагаз иара ибзиаӡаны аҧышәарақәа ҭины Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аекономика афакультет дҭалахьан,аха дахьымӡеит ссиршәа ицааиуаз,игәы ззыҳәоз аҵара амҩа анылара. Август 14, агәыҕрақәа ҿахызыҵәҵәаз аамҭа, шәҩыла ҳаҷкәынцәа, ақәрахьымӡақәа знылаз ашьамҩа иаргьы днангылеит.

Михаил иҭаацәараҿы ирызҳауан иашьа еиҵбы Жора, иаҳәшьа Фатима, иара дгәыбжьанытәын. "Саб дбыргуп, ицынхәрас сара сеибашьыроуп", – иҳәеит 17 шықәса зхыҵуаз аҵеи гәеилыхха.

Ҳзыҿцәажәоз иан, Ҭина Ҭарба илгәалалыршәоит аибашьра анцозтәи хҭысқәак. "Зны ахырҕәҕәарҭа аҟынтәи рыҧсы ааиҭаркырц аҩныҟа иааит ицеибашьуаз Уарлам Лакрбеи иареи. Издыруан излаз агәыҧ "Горец" аҟны зегьы дара раасҭа акырӡа еиҳабын, маха-шьахалагьы иҕәҕәаз, аҧышәа змаз ракәын, дара иацы ашкол иалгаз, 17 -18 шықәса ирҭымсыцыз 4-5-ҩык раҟара ыҟан. Нан, умеибашьын сҳәомызт, аха даҽа гәыҧкахь уиас ҳәа аниасҳәа сан, усҟан аиҳабацәа иаҳдырбоит ахысшьа, абџьар акышьа, баҳцәымшәан", ҳәа сгәы ирҕәҕәеит.

Ихьанҭан агәыҧ "Горец" аҿаҧхьа иқәгылаз  адҵа. Ииуль мзазы Ахбиук ашьха аҳаракыраҿ вертолиотла итәар акәын. Ан илгәалашәоит адҵа анагӡарахь ианцоз амш. Ацәаҳәа иқәгылан зегьы, агәыҧ аиҳабы, "Имшәо шьаҿак  ҧхьаҟа иҟашәҵа!" – аниҳәа, ҳәара аҭахызма, зегь раҧхьагьы иалҵуан 17 шықәса зхыҵуаз ақәыҧшцәа, ашәара урҭ рхы ирзаҭәашьозма?

Михаил Ҭарба илахьынҵамхеит аибашьра амҩа зегьы данысны, деибганы  ахынҳәра. Ахбиук ашьхара авертолиот иҭарблыз ҳаибашьцәа дрыцҭахеит иаргьы.

Иан Ҭина илгәалалыршәоит, лыҷкәын ижырҭа лзымдырӡо, лгәырҩа – хьаа арҧсырҽразы лыҧшәма дшижьжьоз: "Зны, аибашьра ашьҭахь шықәсык ааҵхьаны, сыҧшәма убас дгәырҕьаҵәа дааит аҩныҟа, Мишка дишьҭагыланы дааиуазшәа сааҟалеит, изакәызеи, ҳәа саниазҵаа, "Қарҭ 6-ҩык тҟәаны ирымоуп ҳәа саҳаит, асиа аҵыхәтәан Михаил Ҭарба ҳәа иануп!"

"Ус шаҟа хкы рыла ҳхы ҳжьоз. Сыҧшәма бзиа ибон лассы-лассы  иҷкәын ихьӡ аҳәара, иҧсы ҭоушәа уажәы-уажәы иӡбахә аацәыригон, сара сгәы иазычҳауамызт," – илгәалалыршәоит зылабжыш агәырҩа иарбахьоу ан. Аб Валериан Ҭарба иакәзар, дахьымӡеит иҷкәын иҧсыбаҩ ахьыҟаз аилкаара: шықәсқәак раҧхьа идунеи иҧсахит. Издырхуада, сыҷкәын деибгазар ҳәа агәыҕра иман дниасзар? Иҿы изамырҳәоз агәырҩа хьанҭа даблу? 2015 шықәсазы Аҟәа, Ахьӡ-Аҧша апарк  аҿы анышә иамардаз, зхаҭара шьақәдыргылаз аибашьыҩцәа дрылан Михаил Ҭарбагьы. Шьҭарнахыс уи дыҟоуп ихы зыхҭниҵаз иқалақь гәакьаҿы, иҩызцәа рҧеиҧш, иара дреиуоуп ҧсра зқәым, зыхьӡ аҭоурых ианхалаз Аҧсны Афырхацәа.

Иҟоуп, ааи, ан лгәы зыжьжьо: илзаанхаз лыҷкәын, илхылгахьаз агәырҩа ацынхәрас Анцәа илаҭәеишьаз аҭаца бзиа Ельвира Ашуа, лмаҭацәа. Узықәшәаз ухы анураалароуп, аҧсҭазаара зшаз, аҧсрагьы ишеит, уи бзиаҵәҟьан еилылкаауеит "Сыҷкәын дфырхаҵоуп, иан дикәыхшоуп" ҳәа згәы зыжьжьо ан афырҧҳәызба.

Нас хашҭра рықәымзааит аҧсҭазаара ахаҭыҧан афырхаҵара амҩа алызхыз, зыҧсы ҳахҭнызҵаз ақәыҧшӡақәа!


Наира Сабекиа