Print this page

Иҿырҧшыгоу афырхаҵара

Цәыббра 22, 2022 330

Аҭынч ҧсҭазаара згәы азыҳәоз Аҧсны ажәларқәа зегьы рзыҳәан, аибашьра хлымӡаах ирыцҳара духаз шьаарҵәыратә хҭысхеит. Аибашьра аҭоурых ззымдыруа дыҟам, уи рацәак саламлакәа исҳәарц сҭахәуп, ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ианалага еиҧхьхәыцрада, рықәра ҿыҵгас иҟамҵакәа рыҧсадгьыл ахьчаразы абџьар шҭыхны еибашьыҵәҟьаз зегьы хымҧада ифырхацәаны ишыҟоу.

Ари аибашьра иаанарҧшит ашәарҭара рыҩны ианааи лакҩакрада ахымца иалагылаз аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵара ҿырҧшыга. Агәымшәаҩцәа реиҳараҩык ахаан абџьар рымкӡацызт, иркхьазаргьы арра ианахысуаз мацара акәын. Ирымамызт аибашьра аҧышәа. Аха дара уи иааннакылаӡомызт. Ицон ҧхьаҟа. Избан акәзар, ирдыруан уаҳа ҧсыхәа шыҟамыз, ихьчатәын рыҩны, рҭаацәа, уи зегьы акны еидызкылоз Аҧсны. Ирацәаҩӡоуп иахьа уажәраанӡа зыӡбахә ҳәам аибашьцәа. Урҭ ҧсабарала ирылоу ахӡырымгара ирнаҭаӡом рфырхаҵара аӡбахә алацәажәара, урҭ рызхьааӡом аҳәынҭқарратә ҳамҭа дуқәа. Ирдыруеит иззеибашьуаз, рхы зқәырҵоз рыдгьыл аҕа итәӡам иахьа.

 Аҧсны ахы иақәиҭуп, уи ахьыҧшымра азхаҵоуп. Асеиҧш иҟоу ауаа рзы  еиҳау ҳамҭа ыҟаӡам. Зыӡбахә ҳәам аибашьцәа дреиуоуп, аибашьраан атанк иақәтәаз Тариел Аиба. Аибашьра ианалага иара зынӡа дқәыҧшын. Ихатә усқәак дрышьҭаланы Урыстәылаҟа дцаны дыҟан. Аха, иҟалаз аниаҳа, ҳәара аҭахәума, уаҟа даанымгылаӡеит. Ашьха каҵәарала Аҧсныҟа иаауаз гәыҧк дацны дгьежьит. Аибашьра амца иалагылаз Тариел дызцыз агәыҧ, иуҳәар ауазар, напҭацәыла еибашьуан. Дара ирымамызт абџьар, еиқәшәамызт џьаҧҳаныла. Аха, ус шакәызгьы ирымаӡамызт агәкаҳара, агәра ргон ишрылшо аҕа ииааира. Ирылшоз зегьы ҟарҵон аҕацәа рабџьар ртәыртәырц азы.  Тариел изы ианартәи ажәылара даҽакы иалаҩашьаӡом. Иара ицәыуадаҩуп арҭ агәалашәарақәа рзыгьежьра. Иазгәаиҭоит иахьагьы ишигәалашәо аҵааршә иаҩызаз аӡыхьшәашәа иарбааӡаз рымаҭәақәа ршьаҿа аихгара шдыруадаҩуаз.

Араҟа иҳәатәуп, аибашьра ҟалаанӡа Тариел Аиба Асовет Еидгыла атанктә архәҭақәа рҿы арра дшахысхьаз. Иара дхысҩын. Аҧсуа еибашьцәа хацәнамырха еибашьуан, аҕа имырхыз атанкқәа аус рымуазаргьы еибырҭон, иалеибашьыртә иҟарҵон. Ҳәара аҭахәума, атанк иақәтәоу маҷк иадамхаргьы иара атәы идыруазар шакәу. Уи анаҩсгьы аҵак ду змоу акәны иҟоуп аекипаж реимадашьа, урҭ ашәарҭараан русеицушьа. Еиҳа адырреи аҧышәеи змаз аибашьцәа аекипаж иаларҵон.  Тариел атанк ақәтәара иазыхиаз специалистын. Дызцыз агәыҧ ааныжьра шиҭахымызгьы, аҭагылазаашьа еилкааны иара диасуеит акәылӡтәы техника архәҭақәа рахь. Атанки егьи акәылӡтәы техникеи ирықәтәаз  аҧсуа еибашьцәа рҭоурых макьана аҵыхәтәанынӡа иҭҵааӡам. Ари хазы иззааҭыгылатәу даҟьоуп. Аҧсны Афырхаҵа Рафаель Амҧар ибзианы игәалашәоит Тариели иҩызцәеи аҕацәа анрыкәша рхы шаҟа фырхаҵарыла имҩаҧыргаз. Ирыцҳарахаз усҟан, Тариел Аиба дызцыз ажәахатәи аекипаж ааха ду аиуит. Ирацәаҩуп иҭахаз аибашьцәа. Рафаель Амҧар иҳәоит Аҟәа аҭарцәра аҽазыҟаҵара иазкыз, аҳҭны-қалақь иаҧну ашьхаҳаракыратә қыҭақәеи  аиланхарҭатә ҭыҧқәеи рҭарцәра иазкыз аоперациа аҧсҭбара ҕәҕәа зцыз акәны ишыҟалаз.

Тариел Аиба иахьагьы ихьааигоит ивыршьааз иҩызцәа. Иара иҳәоит есышықәса атанкистцәа рымш азы дшырҭаауа иҭахаз иҩызцәа рҳаҭгәынқәа. Иазгәаиҭоит ҳҭоурых мыӡырц азы, лассы-лассы  ишеиҭаҳәалатәу  аибашьцәа рфырхаҵара атәы. Аҿар ишырзеиҭаҳәалатәалу рабацәа знысыз амҩа. Ари ииашаны фырхаҵароуп. Ари,  амилаҭ маҷ  доуҳала, фырхаҵарыла, хымшаҭарыла акырӡа иреиҳаз, раасҭагьы еиҕьны бџьарлеи џьаҧҳанылеи еибыҭаз  аҕацәа ишыриааиз атәы еиҭазҳәо ҭоурыхуп. Тариел Аиба аибашьра далҵит ахәрақәа иманы, аха иҧсы ҭаны. Аибашьра ашьҭахь иуадаҩыз аҭынч бзазараҿгьы гәкаҳара ааирҧшӡомызт. Иаҧиҵоит аҭаацәара, иҩнаҭаҿы ииуеит хҩык ахшара. Тариел иакәзар, иҭаацәа ршьапы рықәыргылара, илшо ала акы рыгимыжьырц азы ҩ-напыкла аус иуан.  Аветеран иажәақәа рыла иҧсҭазаараҟны ҵакы хаданы иҟоуп ауаҩра. "Аҧсуара пату сзақәуп. Сара сзы аҧсуара  цәажәарала, ажәа дуқәа рҳәара мацарала аарҧшра акәӡам ҵакыс иамоу. Зегьы ираҧхьагылоуп иухшаз рааӡашьа, урҭ рҭоурых пату  ақәырҵо рыҟаҵара" – иҳәоит аветеран. Аибашьҩы гәымшәа Тариел Аиба иазгәаиҭоит аӡәы иеиҳа ҟаиҵеит ҳәа ихы шимҧхьаӡо. Аҧсны азы еибашьтәын уаҳа даҽа мҩак ыҟаӡамызт, уи аилкаара иацӡамызт ашәара, уи иацыз агәрагара акәын.