Print this page

Атуризм арҿиара амҩала

Цәыббра 22, 2022 226

Сентиабр 16 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа диҧылеит Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Рхантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Чернышенко, – иаанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура.

Дмитри Чернышенко бзиала уаабеит ҳәа иаҳәауа, аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит хаҭала реибадырра дшеигәырҕьауа.

"Ҳаҭыр зқәу Дмитри Николаи-иҧа бзиала уаабеит Аҧсны. Ҳтәылаҿы Шәара шәырдыруеит, ирдыруеит Шәача Аолимпиатә хәмарра шьахәқәа еиҿызкаауаз шәшыруаӡәку. Адунеи аҿы зымҽхак ҭбааз ари аус саргьы салахәын ашәарҭадара алыршара аганахьала", – иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

Дмитри Чернышенко аҳәынҭқарра Ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит аиҧылареи адкылареи рзы.

"Сара даара сеигәырҕьоит асасдкылара иазхиоу аҧсуа дгьыл аҟны аиҧылара. Сеигәырҕьоит ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа активла иахьҿиауа", – иаҵишьит Дмитри Чернышенко.

Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Рхантәаҩы ихаҭыҧуаҩ иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи аамҭазы аҳәынҭқарра аҿиараҿы ҧхьаҟа ацара уаҩы ишибауа, ҷыдала Ахада Аслан Бжьаниа инапхгарала.

"Рынагӡара иаҿуп акырӡа зҵазкуа аинвестициатә проектқәа, иазҳауеит Урыстәылеи Аҧсни рыбжьара атауареиҭарсра. Ари даара акраҵанакуеит ҳәа исыҧхьаӡоит. Арахь саара хықәкы хадас иамоу – Аҧсны атуристтә усхк алацәажәара ауп. Аҧсны Асовет Еидгыла иабырлашны иҟан, хыҧхьаӡара рацәаҩыла Урыстәылатәи атуристцәа арахь ишаац иаауеит", – иҳәеит Чернышенко.

Атуристтә усхк иалацәажәауа, аганқәа гәаанагараны ирҳәеит аҳәынҭқарраҿы ишазымхауа ахырҳара злоу ҳаамҭазтәи аинфраструктура.  Чернышенко иҳәеит иахьа Урыстәылан атуризм аганахьала аҭахра ду шыҟоу. "Иахьа аамҭа зегьы рҭыҧқәа рҟны иаргылоит, ҳаргьы еилаҳкаауеит шәарҭарада аҧсшьара ҟаларц шалшо иаҳҩызцәоу атәылақәа рҟны мацара. Аҧсны – ҳара ҳзықәгәыҕуа ҳҩыза иаша ауп, абри аҟнытә даара ҳаигәырҕьоит Шәара шәнапхгарала уи алшарамчы иахьацышәҵауа", – иазгәеиҭеит  Чернышенко.

Аиҧылараҿы иара убас ирылацәажәеит алогистика азҵаарақәа, ахәҭакахьала, аҧсуа-аурыс ҳәааҿы аушьҭырҭатә ҭыҧқәа, урҭ рырҭбаара.

Амш азҵаараҿы иарбан Аҟәатәи аҳаиртә баҕәаза аусура аларгара азҵаара. Аслан Бжьаниеи Дмитри Чернышенко иаҵыршьит, аҳәынҭқаррақәа рыҩбагьы рыбжьара авиаеимадара алыршара Аҧсны економикала аизҳареи ашәҭыкакаҷреи ишрыцхраауа, насгьы хыҧхьаӡара рацәала ишаднаҧхьалауа атуристцәеи абизнесуааи.

2021 шықәса аихшьалақәа рыла Урыстәылеи Аҧсни рыбжьара ҩганктәи ахәаахәҭра амҽхак иартәеит №ҵ миллиард мааҭ, ари ҧасатәи ашықәс аҟаҵарбақәа ирҿырҧшны 37% рыла еиҳауп. Иазҳауеит атуристцәа рхыҧхьаӡарагьы. Агәра ганы ҳаҟоуп, Аҧснытәи аџьармыкьа ашҟа Урыстәылатәи атуроператорцәеи аилахәырақәеи рнеира анырра бзиа ҟанаҵоит аҳәынҭқарра аизҳазыҕьаразы, аусурҭа ҭыҧқәа раартразы. Ҳәарас иаҭахузеи, аҭыҧантәи аилахәырақәагьы рхыҧхьаӡара еизырҳатәуп. Аҩбатәи – авиаеимадара ауп. Аҟәатәи аҳаиртә баҕәаза аиҭакразы аусмҩаҧгатәқәа азгәаҭоуп. Сгәы иаанагоит, авиаеимадара ацхраауеит економикала аизҳазыҕьара. Убри азы аҭагылазаашьақәа зегьы ыҟоуп", – иҳәеит Дмитри Чернышенко,

"Атуристтә усхк ҳара ҳзы аҧхьа игылоуп. Интересс иҳамоуп Урыстәылатәи аинвестор ҳҳәынҭқарраҿы иҟазаара. Аҧсны алшара дуқәа амоуп иааидкыланы, ахәҭакахьала – Мрагыларатәи Аҧсны. Ҳақәгәыҕуеит, аҳаиртә баҕәаза аусура ишаларгахалак, абарҭ араионқәа рҟны даҽа ҧсҭазаара бзиак шьақәгылоит. Аушьҭырҭатә ҭыҧ алшарақәа рырҭбаара азҵаара аҭыҧ ақәҵара иазхәыцтәуп", – иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

Урыстәыла Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ иациҵеит Адлер аушьҭырҭа ҭыҧ арбоуп шазыҧхьагәаҭоу аҳәынҭқарратә программала. Аусурақәа рхыркәшара азгәаҭоуп 2025 шықәсазы.