Print this page

Атәылаҿы аҭагылазаашьа иазкны

Цәыббра 22, 2022 208

 

Сентиабр 14. Аҧсныпресс. Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа дырҧылеит Жәлар Реизара адепутатцәа, - иаанацҳауеит Ахада Иусбарҭа асаит.

Аиҧылара иалахәын Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Зураб Қаџьаиа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.

Аиҧылара иалахәыз рылацәажәеит атәылаҿы ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа, азакәанпроектқәа жәпакы. Урҭ адепутатцәа рыхәаҧшуеит ааигәаӡатәи аилатәарақәа рҟны.

Аслан Бжьаниа иаҵишьит дарбанзаалак жәлар иалырхыз иҿаҧхьа ишгылоу ажәлар рҭахрақәа, урҭ ҳасаб рзутәуп ҳаҧхьаҟатәи азакәанпроектқәа рҿы.