Print this page

Аԥсра абла ишҭаԥшуазгьы...

Цәыббра 22, 2022 285

"30 шықәса шҵхьоугьы, аамҭа акыр шахылахьоугьы, иахьаҽнеиҧш ҳабла ихгылоуп аҧсуа жәлар иҳхаагаз, ҳазлагылаз ашьаарҵәыратә еибашьра. Исгәалашәоит,аибашьра ианалага, нанҳәамзазы Аҟәа сшыҟаз, аибашьра ахҧатәи амш аҽны Аҟәа ааныжьны  Ешыраҟа ҳцара. Ешыратәи ацҳа ҳанықәс, ҳахьцо ҳзымдыруа ҳашгылаз, ишызбаз Аҭараа рҭыҧҳацәа Гәындеи Жаннеи Кәыҵниа-ҧҳацәа. Уи акәхеит, лак-ҩакрада урҭ снарывагылеит," – абас ҳаиҿцәажәара  хацыркуа, аибашьра атема алацәажәара акыр ишылцәыуадаҩызгьы лажәа дналагеит "Агәымшәаразы" амедал занашьоу, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, усҟан ахәра ҕәҕәа зауз, аҩбатәи агәыҧ иаҵанакуа аинвалид,15 шықәса раахыс Б.Шьынқәба ихьӡ зху  Аҟәатәи абжьаратә школ №1 аҟны  алагаратә классқәа рырҵаҩыс аус зуа Ельза Петиа-иҧҳа Кәыҵниа.

Аибашьра ианалагоз, Ельза 19 шықәса дырҭагылан, дқәыҧшын, аҵара ахьылҵоз Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҟны актәи акурс алыркхьан ауп, лҵара налыгӡартә еиҧш аҭагылазаашьа лмаӡакәан, уи аҭыҧан аҧсадгьыл ахьчаҩцәа днарывагылеит.

Аибашьра раҧхьатәи ашықәс лгәаларшәо, луанытә даақәыҧсычҳан, аибашьра аветеран лцәажәара инацылҵеит:

– Раҧхьатәи ахысрақәа, ахәцәа, аҧсҭбарақәа… схаҿы исзаагомызт абри сналагылоит ҳәа. Исгәалашәоит, раҧхьатәи амшқәа рзы, аснариад анҳалатҟәац ахәцәа анырацәаҩха, азныказы, иҟасҵара сақәымшәо сшықәхаз, аха уи аамҭазы срықәшәеит занааҭла имедиаҳәшьцәаз, зус бзианы издыруаз сҩызцәа Жаннеи Гәындеи. Урҭ ахәцәа рыхәрақәа ҿыӡәӡәаауа, рҿаҳәара иахьӡомызт. Убасҟан, "суалыуашо" сшықәхаз гәазҭаз Жанна, "ахәцәа рахь беиха, бымгылан, иҟоу бымбаӡои, ацхыраара рыҭатәуп" – ҳәа аҿыҭра даналага, али-ҧси рыбжьара "сҿаҳәаны сызмаз мчык сааунашьҭын" ахәцәа рахь сҿынасхеит. Раҧхьаӡа акәны ацхыраара зысҭаз, зыхәра ҿасҳәазгьы аибашьҩы Ҭемыр Бигәаа иакәын, анаҩс уи дҭахеит Ешыра ақыҭан.

Ельза Кәыҵниа-ҧҳа ҳаиҿцәажәараан иазгәалҭеит, аибашьра раҧхьатәи амшқәа рзы, абаталионқәа шьақәгылаанӡа 20-25-ҩык аибашьцәа еидызкылоз агәыҧқәа шеиҿкааз. Насгьы, аҭыҧҳацәа рхыҧхьаӡара шмаҷыз, убри аҟнытә, агәыҧқәа рахь  рҽеиҩыршар акәын. Уи лажәақәа рыла, жьҭаара 10 рзы, Аҩада-Ешыраҟа адҵа анагӡараз ицоз ҳаибашьцәа ргәыҧ иацҵаны идәықәҵан Гәында Кәыҵниа-ҧҳаи Лолита Ҕәынџьиа-ҧҳаи. Аха, рыцҳарас иҟалаз, рцара сааҭк мҵыцкәан, ажәабжь бааҧс ааҩит 6-ҩык аибашьцәа, аҭыҧҳацәагьы уахь иналаҵаны ишҭахаз ала. Аҕа идәықәиҵаз аснариад аҧҽыхақәа раахеит Гәындеи Лолитеи, урҭ аҩыџьагьы аибашьра адәаҿы иаадырҧшыз агәаҕьразы иранашьоуп "Агәымшәаразы" амедал. Аснариад заахаз амашьына иҭатәаз арҧарцәа ракәзар, рымаха-рышьаха рзеидымкыло иацҟьеит.

"Раҧхьатәи аҧсҭбарақәа ирыцыз ахьаа ахгара, ачҳара уадаҩын. Аибашьра адәаҿы данувыршьаауа уҩыза, уи иҭахара, ицәыӡра шаҟа ахьааи агәырҩеи ацу, уи иақәшәаз ишиныруа даҽаӡәы издыруам. Аӡәи-аӡәи ҳаихӡыӡаауан, ҳаибахьчон, ҳагәцареибакуан, зегь ҳаишьцәан, ҳаиҳәшьцәан, ҳаҧсыуаан… Аҧсра абла изныкымкәан ҳашҭаҧшхьазгьы, аӡәымзар аӡәы дазхәыцуамызт "сара сҭахоит", "сыҧсуеит" ҳәа. Зегьы иаҳдыруан, ҧсыҭбарада Аиааира шзыҟамлаз, аха зегь  агәыҕра ҳаман "ҳаиқәхоит" ҳәа. Иҟалап, иара убри агәыҕра акәзар еиҳагьы ҧхьаҟа иҳахоз, иҳацхраауаз",– дҳацәажәон  Ельза Кәыҵниа-ҧҳа.

Аиашазы, агәаҕьреи, агәымшәареи ихадоу аҭыҧ ааныркылоит Аиааира агараҿы, аха уи ианацу агәыҕра зегь шманшәалахо азы - ҩынтә Иааироуп.

Раҧхьатәи аверталиотқәа зынӡа иааигәаӡаны, иҭатәаз, иркыз абџьаргьы убартә еиҧш ишырхаҧраауаз атәы лгәаларшәо, аибашьра аветеран иаҳзеиҭалҳәон:

– Раҧхьаӡатәи аверталиотқәа "кракодил" ҳәа изышьҭаз, аҟәҟәаҳәа амца анҳажәырҵоз, усҟан царҭа уаҩы изыҧшаауамызт, хыхьчагас иҟаз акызаҵәык аҭабиақәа ракәын. Зегьы ҳашзахәоз аҭабиақәа "ҳҽырҭаҳаҧсон", уи даараӡа ахыхьчараз уақәгәыҕыртә ишыҟамызгьы. Усҟан зынӡа иқәыҧшқәаз 17-18 шықәса зхыҵуаз аибашьцәа аӡәы игәы еиҭаҧаргьы алшон, аха хьаҵшьа ыҟамызт. Аиашазы, хаҭала, "згәы ҭрысны ихьаҵыз" еибашьҩык синымиеит. Ельза Кәыҵниа-ҧҳа аибашьра аан лҭаацәеи лареи еиҟәыганы иҟан, еилгаанӡагьы еибабашьа рмоуит, еигәныҩшьагьы рымамызт.

"Аибашьраан, Аҧсны Афырхаҵа Вианор Ашба итанк ҳақәтәаны ҳашцоз, Ешыра ақыҭан амҩан сгәылак сылбан, дсеигәырҕьаны аҧсшәа салҳәеит, нас, "сыҧсы ҭаны" сахьылбаз ажәабжь ала, сҭаацәа лыргәырҕьап лгәахәын, сан илалҳәазаап "Ельза атанк дақәтәаны дызбеит" ҳәа. Аибашьра анеилга,сан, "Атанк иақәылхуаз ҳәа, уи ада хәыцырҭа сымамызт ҳәа салҳәеит ҳанеибаба" –  абас дыччо уи ажәабжь ҳзеиҭалҳәон Ельза.

Ельза лашьцәа рыхҩык: Роберт, Альберт, Карло Кәыҵниаа Мраҭашәаратәи афронт аҟны еибашьуан. Агәыбжьанытә Альберт командирс дыҟан, 24 шықәса ирҭагылаз арҧыс аибашьра адәаҿы иааирҧшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы ианашьоуп Леон иорден. Аиҵбы Карло ианашьоуп "Агәымшәаразы" амедал.

Усҟан 16 шықәса зхыҵуаз лаҳәшьа Анела лакәзар, араионтә хәышәтәырҭаҿы аҳақьымцәа дрыдгыланы аус рыцылуан, дрыцхраауан. Занааҭла дышмедиаҳәшьамызгьы, ахәцәа рыхәрақәа ҿылыӡәӡәаауан, илрыцқьон, иҿалҳәон. Ельза лан Роза Кәарҷиа-ҧҳа лакәзаргьы, илылшоз ала аибашьцәа рымаҭәақәа лыӡәӡәон, илырбон, рыфатә – рышәҵатәы уҳәа рыла реиқәыршәара дацхраауан.

Ельза лҭаацәеи лареи еиҟәыганы иҟан, аха илыцеибашьуаз аҭыҧҳацәеи арҧарцәеи ахырҕәҕәарҭа аҟны рҽанеиҭнырыҧсахлоз аамҭазы рыҩныҟа ианцоз ааҧхьара лыҭаны дыргон, гәцаракрыла илзыҟан, еиҳаракгьы аибашьра ашьҭахь зыҧсҭазаара иалҵыз аибашьра аветеран Ирина Ҭаркьыл-ҧҳа лыҩныҟа Дәрыҧшьҟа лассы-лассы имҩахылгон Ельзеи, лара леиҧш зҭаацәеи зыҩни ирҟәыгаз лҩызцәеи. Ельза лажәақәа рыла, лҩызцәеи  лареи ааҧхьара анрырҭоз еснагь ицомызт "рхы ахыбааны", "иҧхашьаны".

Ельза ахәра анлоу, Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы данышьҭаз атәы лгәалалыршәеит. "Исыгыз ҳәа акы ыҟамызт, аҳақьымцәа рганахьала агәцаракра,усҟан ахәшәтәырҭаҿы ацхыраара ҟазҵоз аҭыҧҳацәа, хаҭала Индира Чыч-ҧҳа Саида Патхвариа-ҧҳеи ахылаҧшра сыгрыжьуамызт" – лҳәеит уи.

Аха Ельза лыхәра акыр иуадаҩын аҟнытә, Москваҟа лҽыхәшәтәра иацылҵар акәхеит.

Актәи акатегориа иаҧсахаз арҵаҩы, иахьа дҭаацәароуп, илызҳауеит лыҧҳа заҵә, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет астудент Илона Џьопуа-ҧҳа.

Ҳаиҿцәажәара хыркәшо инаҵшьны иазгәалҭеит, иахьа ҳаҧсадгьыл иҵегь ишәҭуазар, икакаҷуазар шырҭаху лҩызцәа аибашьра аветеранцәеи лареи.

"Аибашьраан Аиааира ҳзыргаз, аҧсуа жәлар ҳаидгылара, ҳаӡәкра ауп. Аха ацәгьара, ашәарҭара аан мацара акәымкәан, аҭынчра аамҭазгьы ҳаидгылароуп, ҳҳәоу еиқәшәаны. Аӡә ииҳәо аӡә иаҳауа, хҭак еицҭаҳаршәуа, ҳажәлари ҳаҧсадгьыли рлахьынҵа, рҧеиҧш лаша зегь раҧхьа иҳаргылозароуп, ҳхатәы интересқәа рыхьчара акәымкәан. Аҧсадгьыл аиқәырхара ҳҵеицәа шаҟаҩы ршьа ҧха аҭаххаз, иахҭынҵахаз ҳазхәцны, аҳәара ҟасҵоит урҭ ршьа ҳаҕрагыланы чарҳәара рзаҳамурц, рыҧсы зыхҭынҵаны еиқәдырхаз ҳџьынџь ҳцәымӡырц азы, ҳшьаҿақәа, ҳраӡаларц, иахьа иҟоу аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара, аиҕьтәра ҳҽазаҳшәарц", -– лҳәеит уи.

Аиашазы, аибашьра аветеранцәа ирыбзоуроуп иахьа ҳаҧсадгьыл иамоу Ахақәиҭра, аха уи анаунагӡатәра иазықәҧатәхоит аҭынчра аамҭазгьы.


Алиса Гәажә-Ҧҳа